Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

РУБЕН ТАТУЛИАНИ ГАЛУСТ ТРАПИЗОНИАНИ ЦАНДРЫԤШЬТӘИ АШКОЛ АҾЫ ТАИТӘИ АБОКС АСЕКЦИА АФТНАНСТӘ ЦХЫРААРА АРҬЕИТ.

Ашәахьа, 07 Жәабран 2022 13:41 161

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.   Шәача ақалақь аспорттә еиқәԥара Афедерациа Апрезидент, анаплакҩы,  амеценат Рубен Татулиани Аԥсны Афырхаҵа, Аԥсны иқәынхо аерманцәа Реилазаара ахантәаҩы Галуст Трапизониан Цандрыԥшьтәи абжьаратәи ашкол № аҿы иҟоу атаитәи абокс Афедерациа асекциа афинанстә цхыраара арҭеит.

Ари ацхыраара ҟаҵан Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Џемал Гәыбаз иҟаиҵаз аҳәарала.

Иазоужьхо аԥарақәа аспортсменцәа рҽахьазыҟарҵо азал аиҭашьақәыргылара иазкхоит.

Џьемал Гәыбаз иажәақәа рыла, ари иара иҟаиҵаз аҳәарала Рубен Татулиани Галуст Трапизониани жәабранмза иалагӡаны ҩынтәны иҟарҵахьо цхыраароуп.  

«Даҽазныкгьы Рубен Альберт-иԥеи Галуст Парнак-иԥеи аспорти абҩарҵәыреи рыҿиареи апропаганда амҩаԥгареи рзы иҟарҵо адгылара азы иҭабуп ҳәа расҳәоит», -ҳәа иҳәеит Џьемал Гәыбаз. – Агәра сгоит, ари асекциа ҳаԥхьаҟа ичемпионхараны иҟоу, зыԥсадгьыл агәадура иаԥсахо, уимоу, адунеи зегьы аҿы еицырдыруа иҟало аҵеи реиҵааӡара азы зеиӷьаҟам плошьадканы ишыҟало».

 

Last modified on Ашәахьа, 07 Жәабран 2022 19:08