Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ЛУКАШЕНКО ҞРЫМ, АԤСНЫ, ААХЫҴ УАԤСТӘЫЛА РХЬЫԤШЫМРА АЗХАҴАРА АЗЫ ИАҬАХУ АҬЫГЫЛАЗААШЬАҚӘА ДРЫХЦӘАЖӘЕИТ.

Ашәахьа, 07 Жәабран 2022 16:15 185

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.   Белоруссиа Ҟрым урыстәылатәины азхаҵареи, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ихьыԥшым ҳәынҭқаррақәаны разхаҵареи алшоит, аха уи азы иалкаау аҭагылазаашьақәа ыҟазар ахәҭоуп.  Абри атәы иазгәеиҭеит белоруссиатәи аԥыза  Александр Лукашенко.

Ателедырраҭара анапхгаҩы  Владислав Соловиов изҵаара: «Ҟрым зтәыда нас? Аԥсни Аахыҵ Уастәылеи разхаҵара анбалыршахо?» ҳәа  аҭак ҟаҵо — Белоруссиа Ахада иҳәеит – Уи ус ихымԥадатәны иҟоума? Уи азы ахымԥадатәра ыҟоуп ҳәа анеилыскаалак ашьҭахь, Урыстәыла Ахада Владимир Путин уи азы ԥгара змам аӡбамҭа анидикылалак, ус иахәҭоуп ҳәа  ансеиҳәалак ашьҭахь…»

Last modified on Ашәахьа, 07 Жәабран 2022 18:40