Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АИУСТИЦИА АМИНИСТР АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ МОСКВАҞА ИУСУРАТӘ НЫҞӘАРА АЛҴШӘАҚӘА РЗЫ АДЫРРА ИИҬЕИТ.

Ахәаша, 04 Жәабран 2022 19:45 243

Аҟәа. Жәабранмза 4, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыц аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб  Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара амилаҭтә закәанԥҵара аишьашәалара ашьаҭала азеиԥш социалтәи аекономикатәи ҵакыра ашьақәыргылара Апрограмма анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысыз Москваҟа аусуратә ҭаара алҵшәақәа рзы адырра ииҭеит.

Аминистр иара убас иаку адыррақәа рбаза аԥҵара хықәкыс иҟаҵаны аиустициа Аминистрра архивқәа аԥхьаӡацыркра  азы аусура амҩаԥысшьа  азы адырра ҟаиҵеит.

Алеқсандр Анқәаб аиустициа аминистр  анотариати АҬАРи русбарҭақәа, аиҳарак Аминистрра арегионалтә ҟәшеиҵақәа рҿы ауааԥсыра рмаҵзура ахаҭабзиара аиӷьтәреи афункциарацәа назыгӡо ацентрқәа реиҿкаареи ҷыдала  ахшыҩзышьҭа аиҭарц азы инаҵшьны иҳәеит.

Last modified on Асабша, 05 Жәабран 2022 21:13