Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АУС ЗУА АБЖЬАРАТӘИ АШКОЛҚӘЕИ АХӘЫҶБАҲЧАҚӘЕИ РҾЫ ЖӘАБРАНМЗА 11 АҞЫНӠА АКАРАНТИН ИАЦҴОУП.

Ахәаша, 04 Жәабран 2022 15:55 211

Аҟәа. Жәабранмза 4, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба «Аҟәа ақалақь Ахадара абжьаратәии ашколнӡатәи аусбарҭақәа рҿы акарантин ацҵара азы» Адҵа инапы аҵаиҩит, ҳәа иаанацҳауеит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.

Аҳҭнықалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа аиҳабы иҟалҵаз аҳәамҭа инақәыршәаны, аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи акоронавирустә ҿкы чымазара алаҵәара аанкылреи  хықәкыс иҟаҵаны, жәабранмза 11 аҟынӡа аҳҭнықалақь ахада  абжьаратәи ашколқәеи ашколнӡатәи аусбарҭақәеи рҿы акарантин ацҵара азы Адҵа инапы аҵаиҩит.

Адҵа азакәанмчы аиуеит анапаҵыҩра инаркны. Аҟәа ақалақь ахада иҭижьыз Адҵа ала, аҳҭнықалақь абжьаратәи ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи ажьырныҳәамза  27 раахыс акарантин азы иаркуп. 

Last modified on Асабша, 05 Жәабран 2022 21:06