Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

92 АԤШЬГАРАТӘ ГӘЫԤҚӘЕИ ХӘ-ПОЛИТИКАТӘ ПАРТИАҚӘЕИ АЛХРАТӘ КАМПАНИА ИАЛАЛЕИТ.

Асабша, 29 Ажьырныҳәа 2022 19:40 142

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 29, 2022 шықәса.  Ажьырныҳәамза  21 инаркны Алхратә Комиссиа Хада атәылауаа Апарламент адепутатрахь акандидатцәас рықәыргылара азы аԥшьгаратә гәыԥқәеи аполитикатә партиақәа рышәҟәҭагалара  мҩаԥнагоит. Аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи, иара убас адепутатрахь акандидатцәеи рышәҟәҭагалара мҩаԥыслоит жәабранмза 10 аҟынӡа.

Алхратә Комиссиа Хада адыррақәа рыла, ажьырныҳәамза 21 – 29 рзы ашәҟәы иҭагалоу адепутатрахь акандидатцәа рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа рхыԥхьаӡара  92 рҟынӡа инаӡоит, аполитикатә партиақәа хәба алхратә кампаниа иалалахьеит.

Аокруг №7 аҿы Апарламент адепутатрахь акандидатцәас иқәгылараны иҟоуп ф-ҩык акандидатцәа, аокругқәа  №№ 4, 6 , 20  - хәҩы-хәҩы рҟынӡа, аокругқәа №№3, 15, 34 – ԥшьҩы-ԥшьҩы рҟынӡа.

Адепутатрахь акандидатцәа рықәыргылара азы азин рымоуп Аԥсны аиустициа Аминистрра аҿы ашәҟәы иҭагалоу  аполитикатә партиақәеи алхыҩцәа ргәыԥқәеи. Уи иҟоу Апарламент аилазаара азинмчы анҵәара хәымз шыбжьоу имҩаԥысыроуп.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 31 Ажьырныҳәа 2022 21:16