Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ИИАРԤШЫЗ АМАИНИНГ-ФЕРМАҚӘА ХԤА РУСУРА ААНКЫЛАХЕИТ.

Асабша, 29 Ажьырныҳәа 2022 20:22 140

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәа имҩаԥыргаз аоператив-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа ирылагӡаны ирыԥшааит аус зуаз амаининг-фермақәа хԥа.  Урҭ зтәу ауаа административтә хьырхәра иақәыршәахеит, аиқәыршәагақәа зегьы Ахылаԥшырҭа иатәу ашьҭаҵарҭа ахь инагахеит.

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, Очамчыра араион Ҭхьына ақыҭан акриптовалиута арҳаразы аобиектқәа рыԥшаара азы имҩаԥгаз агәаҭараан, Думаа Аслан Аполлон -иԥа ихкаара иахьаҵанакуаз иԥшаан 79 аппарат. Амаининг-ферма афымцацәаҳәа иаҿыхуп. Аслан Думаа иганахьала административтә ԥкаанҵа еиқәыршәоуп.

 

Уаанӡа Очамчыра ақалақь Адлеиба имҩа аҿы иҟоу аобиект аҟынтәи 36 аппарат рымхра мҩаԥган. Административтә ԥкаанҵа еиқәыршәан Кәацбаиа Заза Омар-иԥа иганахьала.

Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан арԥхагатә нхамҩа иахьаҵанакуа ирыԥшааит Ҵәыџьба Алмас Гьаргь-иԥа итәу амаининг-ферма. Аоперативтә гәыԥ анеира аламҭалазы иарбоу аҭыӡҭыԥ аҿы ус руан  39 инарзынаԥшуа акриптовалиута арҳара иазку аппарат. Аиқәыршәагақәа рымхра мҩаԥгоуп.  

Аоператив-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ирласны анырра азы иҷыдоу Аотриад амчратә дгылара ала имҩаԥган.  

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра акриптовалиута арҳаразы изакәанымкәа аусура афактқәа раарԥшреи рыԥхьырҟәҟәаареи рзы ареидқәа иааԥмырҟьаӡакәа имҩаԥнагоит, иара убас уаанӡа иҿыхыз аобиектқәа рхылаԥшра нанагӡоит.   

 

Last modified on Ашәахьа, 31 Ажьырныҳәа 2022 20:59