Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДЕИ АԤЫЗА-МИНИСТРИ ҬЕЛЛА РЕИЦӘАЖӘАРАҾЫ АУСУРАТӘ ЗҴААРАҚӘА ИРЗААҬГЫЛЕИТ.

Ахәаша, 28 Ажьырныҳәа 2022 13:47 188

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахадеи аԥыза-министри ҭелла реицәажәараҿы ирзааҭгылеит аусуратә зҵаарақәа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи аԥыза-министр Александр Анқәаби ҭелла реицәажәараҿы ирзааҭгылеит аусуратә зҵаарақәа.

Аминистрцәа реилазаара анапхгаҩы Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит аҿкычымазара алаҵәара инамаданы иҟоу аҭагылазаашьа атәы, ҷыдала, ицәырҵыз аштамм ҿыц "Омикрон" азы, иара убас  агәабзиарахьчара Аминистрреи атәыла Аиҳабыреи имҩаԥырго ауснагӡатәқәеи рзы.

Аҳәынҭқарра Ахада даниацәажәоз Александр Анқәаб хшыҩзышьҭра аиҭеит ачымазара аизҳара шазгәаҭоу, аха убри аан ашьҭаҵара зыхәҭоуи иӷәӷәоу ачымазацәеи рхыԥхьаӡара шеиҵахаз атәы. Аԥыза-министр иҳәеит аҵараиуратә усҳәарҭақәак рыҟны акарантин шрылаҳәоу.

Аҳәынҭқарра Ахада Аиҳабыреи ауааԥсыра акороновирустә ҿкы чымазара рацәыхьчаразы Аоперативтә Штаби рнапы ианиҵеит ачымазцәа хәышәла реиқәыршәаразы хырԥашьа змам ауснагӡатәқәа мҩаԥыргаларц.

Аҳәынҭқарра Ахада ишьақәгыло аҭагылазаашьа инамаданы аиҳабыра ирыдиҵеит есҽны адырра ирҭаларц.

 

 

Last modified on Асабша, 29 Ажьырныҳәа 2022 11:48