Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ҨЫМШ РЫЛА АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ҨЫЏЬАРА АБЫЛРАҚӘА ҞАЛЕИТ.

Амҽыша, 23 Ажьырныҳәа 2022 11:24 96

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 22 рзы Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахь Аҟәа ақалақь Сахарова имҩаду аҿы амцакра азы адырра ҟалеит. Асасааирҭа аҿы игылаз адиуан амца акит, уи иахҟьаны аҳауа ӷәӷәала алҩа алачит.  

Алҩа ауадаҿы иҟаз абырги аӡӷаб хәыҷи адәахьы рдәылҵра аруадаҩит. Аҟәа ақалақь абылра-цәыхьчаратә маҵзура арасчиотқәа ҩба ирласны аҭыԥ ахь инеит, урҭ абылра иаҿыз ауада ахь иҩналаны абырги аӡӷаб хәыҷи аҵәыҵәритә сабрадақәа рҿарҵеит, анаҩс урҭ амца зымҽханакыз ауада аҟынтәи идәылыргеит.  

Ажьырныҳәамза 23 рзы Аҟәа ақалақь Ешба имҩаду ала игылоу ахатәы ҩны  амца акит. Аҟәа ақалақь амца-цәыхьчаратә Маҵзура арасчиотқәа ҩба  07 сааҭки 30 минуҭи рзы амцарцәаразы аҭыԥ ахь инеит.   Амцарцәаҩцәа амца арцәара рылшеит. Амашәырхҭыс иахҟьаны аҩны аҿы уадак блит.  Аҩны аҩныҵҟа иҟаз ауаа аевакуациа рызун, аӡәгьы ааха имоуӡеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 27 Ажьырныҳәа 2022 17:23