Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИХАҬЫԤУАҨ БАДРА ГӘЫНБА ҬЫРҚӘТӘЫЛА ИҞОУ АԤСУА КУЛЬТУРАТӘ ЦЕНТРҚӘА РФЕДЕРАЦИА АХАҬАРНАКЦӘА ИДИКЫЛЕИТ.

Асабша, 22 Ажьырныҳәа 2022 14:22 108

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ  Бадра Гәынба Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә Центрқәа Рфедерациа ахаҭарнакцәа идикылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада  Иусбарҭа апресс-маҵзура.

Аиԥылара иалахәыз аԥсуа бызшәеи акультуреи реиқәырхара, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспореи урҭ рҭоурыхтә ԥсадгьыли рыбжьара  аимадара аҳәаақәа рырҭбаареи арӷәӷәареи аҿиареи, уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Иалацәажәеит иара убас арепатриантцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра азҵаарагьы.

Аиԥылара иалахәыз егьырҭ азҵаарақәагьы ирзааҭгылеит.

Last modified on Аԥшьаша, 27 Ажьырныҳәа 2022 15:37