Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ҲАЗҬАЛАЗ АШЫҚӘС ҾЫЦ 17 МШЫ РЫЛА АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА ААРԤШХЕИТ 975 – ҨЫК РҾЫ.

Ашәахьа, 17 Ажьырныҳәа 2022 19:04 136

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 17, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә асанитартә епидемиологиатә Станциа ҳазҭалаз ашықәс ҿыц  17 мшы рыла COVID-19 алаҽра азы 4 552  алабораториатә ҭҵаара мҩаԥнагеит.  Урҭ рахьынтә 975 – ҩык рҿы акоронавирустә ҿкы чымазара азы рдиагноз шьақәырӷәӷәахеит.

Ажьырныҳәамза  1 инаркны 17 – ҩык рыԥсҭазаара ишалҵыз азы адыррақәа  ашәҟәы иҭагалоуп. Абри азы атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб адырра илҭеит Аԥсны асанитартә ҳақьым Хада Лиудмила Скорик.  

2021 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы имҩаԥган 6 624 алабораториатә ҭҵаара, иаарԥшын ачымазара злаҽу 1 635-ҩык.

Лиудмила Скорик лажәақәа рыла, иубаратәы иҟоуп маҷк аинфекциа алаҵәара амҽхак шеиҵахаз, аха ииасыз аныҳәатә мчыбжьы ари аҭагылазаашьа астатистика аԥсахыр алшоит. Убри аан уи ауааԥсыра рвакцинациа ԥсыҽны ишымҩаԥысруа азгәалҭеит.

Ареспублика асанитартә ҳақьым Хада ОРВИ, ОРЗ зыхьуа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара аизҳара аганахьала агәҭынчымра аалырԥшит. Ажьырныҳәамза  17 азы иҟоу аҭагылазаашьа ала, Аԥсны зегьы иахьаҵанакуа ишьақәыргылан 949-ҩык ачымазара ҿкы злаҽыз ауаа.  

Аԥсны аԥыза-министр Ареспубликатә санитартә епидемиологиатә Станциа  ахәыҷқәеи ақәыԥшқәеи ачымазара рылаҵәара  ахылаԥшра аҭареи, анаҩс амчыбжь нҵәаанӡа актуалра злоу аинформациа аҟаҵареи рзы  адҵа ҟаиҵеит.

 

Last modified on Аҩаша, 18 Ажьырныҳәа 2022 16:06