Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ҬҞӘАРЧАЛ АРАИОН АҾЫ ԤХЫНҶКӘЫНМЗА 20-НӠА АКАРАНТИН РЫЛАҲӘОУП.

Ахаша, 15 Ԥхынкәын 2021 21:51 112

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Ҭҟәарчал араион аҿы акоронавирустә ҿкы чымазара злаҽыз ауаа рхыҧхьаӡара аизҳара инамаданы, ҧхынҷкәынмза 13-нӡа акарантин рылаҳәоуп.  Уи ҧхынҷкәынмза 20-нӡа инагӡахоит.

Аҧсныпресс акорреспондент Ҭҟәарчал араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым Хада Лали Гаргәылиа илҭаз адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи хәымш рыла араион аҿы иаарҧшын 120-ҩык инареиҳаны аковидтә ҿкы чымазара злаҽыз ауаа.

«Ачымазара ҿкы злаҽыз рхыҧхьаӡара аизҳара иахьаҿу инамаданы, араион аоперативтә штаб мчыбжьыктәи акарантин алаҳәара азы аӡбамҭа аднакылеит», - ҳәа илҳәеит лара.

Араион аҿы аусбарҭақәа зегьы русура аанкылоуп, аҵараиурҭақәагьы уахь иналаҵаны, мацара аус руеит адәқьанқәа, аҧҭекақәа, ачаӡырҭазауад. 

«Астационар аҿы зҽызхәышәтәуа ачымазцәа рнаҩс ҳара зыиагара алымшо амбулатортә  чымазцәагьы рыхәышәтәра мҩаҧаагоит. Ҳҳақьымцәа урҭ уахи-ҽни инеиҧынкыланы иахәҭоу ацхыраара рырҭоит», - ҳәа илҳәеит Лали Гаргәылиа.

Ҽынлатәи астационар аҿы рҽырхәышәтәуеит 40-ҩык инарзынаҧшуа.

Аҳақьым хада лажәақәа рыла, зықәрахь инеихьоу ауаа реиҧшҵәҟьа ақәыҧшцәагьы чмазаҩхоит.

Аҳақьым хада ишазгәалҭаз ала, ахәышәтәырҭа ихымҧадатәиу ахәшәқәеи аныхтә материалқәеи рыла еиқәыршәоуп, егьырҭ амедусбарҭақәеи иареи аусеицуратә еимадара рыбжьоуп. Згәабзиара аҭагылазаашьа уадаҩу апациентцәа зегьы Гәдоуҭаҟа, мамзаргьы Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа ахь идәықәҵахоит. 

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 18:52