Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

УРЫСТӘЫЛАТӘИ АРРАТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АҲАҚЬЫМЦӘА АԤСНЫ ИАРҬАЗ АЦХЫРААРАЗЫ ИҬАБУП ҲӘА РАРҲӘЕИТ.

Ахаша, 15 Ԥхынкәын 2021 15:10 119

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҟәа ақалақь аҿы аус зуаз Алада Урыстәылатәи арратә Округ иатәу афункциарацәа назыгӡо амобилтә хәышәтәырҭа аҳақьымцәа  Аҧсны акоронавирустә  ҿкы  чымазара аҿагылараан иҟарҵаз ацхыраара азы ахылаҧшратә ҳамҭақәа, амедалқәа, адипломқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьахеит. Ари аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит Аҧсны аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ  Сергеи Пустовалов, агәыбзиарахьчара  аминистр  Едуард Быҭәба, аминистр ихаҭыҧуаҩ Нодар Аҩӡба, Аҧсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Владислав Нечипоренко.

«Азин сышәҭозар, атәыла анапхгареи хаҭала сара сыхьӡалеи Аҧсны иашәҭаз ацхыраара дуӡӡа азы иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп. Шәара шәҳақьымцәа хыҧхьаӡара рацәала ҳреспублика ауааҧсыра рыҧсҭазаара еиқәдырхеит.», - ҳәа иҳәеит Сергеи Пустовалов.

Едуард Быҭәба акоронавирустә ҿкы чымазара алаҵәара аҿагылараҿы урыстәылатәи рколлегацәа рлагала дуӡӡа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Шәара ҳааигәара шәыҟан даара иуадаҩыз аамҭақәа рзы. Аҧсны жәлар зегьы рыхьӡала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ижәбаз аџьабаа азы», - ҳәа иҳәеит иара.

Едуард Быҭәба урыстәылатәи аҳақьымцәа есымша сасра  раара гәахәарыла ишрыдыркыло азгәеиҭеит. Аминистр ахәышәтәырҭа аиҳабы Абдулмеџьиҭ Магомедов  агәаларшәагатә ҳамҭа – Аҟәа ақалақь аҧшаҳәа зну асахьа ианеишьеит.  Аҳақьымцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит иара убас Владлислав Нечипоренко. «Шәара инашәыгӡаз аусура, шәара ишәылшәыршаз, Урыстәылатәи Афедерациеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьоу аимабзиаратә, астратегиатә еиҩызара аизыҟазаашьақәа зеиӷьаҟам ала изырҵабыргуа ҿырҧшны иҟоуп», - ҳәа иҳәеит иара. Ахәҭакахьала Абдулмеџьиҭ Магомедов атәыла анапхгара, агәабзиарахьчареи атәылахьчареи Рминистррақәа активла аусеицуреи адгылареи рзы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Уи иара убас амобилтә хәышәтәырҭа зҵакыраҿы ишьақәыргылаз апансионат «Аиҭар» анапхгараҭара акыр иманшәалаз аҭагылазаашьақәа ахьырзаҧҵаз азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. «Сара уаанӡагьы издыруан, Аҧсны ҳәа атәыла шыҟаз атәы, аха араҟа ас еиҧш ауаа сирқәа, ауаа бзиақәа нхоит ҳәа сыҟамызт, аиашазы», - ҳәа иажәа хыркәшо иҳәеит иара.

 

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 18:49