Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

ԤХЫНҶКӘЫНМЗА 14 – ЛАҬАТӘИ АТРАГЕДИА ИАЛАӠЫЗ РГӘАЛАШӘАРА АМШ АУП: ҲГӘЫРҨОИТ ИҬАХАЗ ҲГӘАЛАҲАРШӘОИТ!

Аҩаша, 14 Ԥхынкәын 2021 09:00 149

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Ԥхынҷкәынмза 14 рзы Аҧсны иазгәарҭоит илахьеиқәҵагоу арыцхә –Лаҭатәи атрагедиа ҟалеижьҭеи 29 шықәса аҵра.

29 шықәса раҧхьа, ҧхынҷкәынмза 14, 1992 шықәса рзы Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз аамҭазы, Мрагыларатәи Аҧсны , ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рыла амацәаз иҭакыз ақалақь Ҭҟәарчал аҟынтәи Гәдоуҭа ақалақь ахь ахы рханы иҵыҧрааит ахҵәацәа зҭаз урыстәылатәи аҵәиҧрыга Ми-8.  Аха 20 минуҭ рышьҭахь, асааҭ 16:39 рзы усҟантәи аамҭазы Қырҭтәылатәи Аҳәынҭсовет архәҭақәа ирымпыҵакыз Кәыдрытәи Аҩхаа Лаҭа ақыҭа иахыҧраауаз  агуманитартә реис назыгӡоз урыстәылатәи аҵәиҧрыга МИ-8 аганахьала иоужьҭын  аракета «Землиа-Воздух». Аракета заахаз аҵәиҧрыга ашьха иаҧныз аҭыҧ аҿы ианкаҳа ашьҭахь иҧжәеит. Аҵәиҧрыга аҩныҵҟа иҟаз апасаџьырцәа зегьы ҭахеит. Усҟан ари ахлымӡаах аҿы аамҭак ала еицҭахеит 87-ҩык ауаа, урҭ рахьынтә быжь шықәсагьы зхымҵыцыз 35-ҩык ахәыҷқәа. Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп аблокада зҽацәызыхьчарц азы ари аҵәиҧрыга иақәтәаз абыргцәа, иара убас аа-ҩык зцәазтәымыз аҳәсақәагьы.

Рыҧсы шҭаз иблыз апассаџьырцәеи аекипажи рыҧсыбаҩ Гәдоуҭа ақалақь аиашьаратә ҧсыжырҭа аҿы анышә иамадоуп.

Ари амш 1992-1993 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьраан иҭахаз ахәыҷқәа зегьы ргәалашәара иамшны Аҧсны аҭоурых адаҟьақәа ирнылеит. Еышықәса ,ари алахьеиқәҵаратә амш аҽны Аҧсны зегьы иахьаҵанакуа агәалашәаратә усмҩаҧгатәқәа мҩаҧысуеит. Урҭ аҵәиҧрыга ахьыҵҧрааз Ҭҟәарчал араион Аҟәарчаҧан ҳәа изышьҭоу аҭыҧ аҿы ашәтә шьыҵәрақәа рышьҭаҵарала ихацыркхоит. 

 

Иҭахаз рыуацәеи рҭахцәеи, ауаажәларратә еилазаара алахәылацәа, аибашьра аветаранцәа, астудентцәа, ашколхәыҷқәа Ҭҟәарчал ақалақь, усҟан аҵәиԥрыга ахьыҵыԥрааз аҭыԥ аҿы ишьақәыргылоу абаҟа амҵан, Гәылрыԥшь араион, Лаҭа  ақыҭан аҵәиԥрыга ахькаҳаз аҭыԥ аҿы, Аҟәа ақалақь афырхацәа Рмемориал ахьыҟоу Ахьӡ-Аԥша апарк, иара убас иҭахаз анышә иахьамадоу Гәдоуҭатәи апарк ахь инеиуеит.

Ԥхынҷкәынмза 14, рзы атәыла Аиашахаҵаратә уахәамақәа зегьы рҿы ԥхынҷкәынмза 14, 1992 шықәса рзы иҟалаз Лаҭатәи атрагедиа аҿы иҭахаз зегьы рзы анцәаныҳәарақәа мҩаԥысуеит. Анцәаныҳәарақәа мҩаԥысуеит иара убас егьырҭ адинхаҵаратә культтә усбарҭақәа зегьы рҿы.

Ԥхынҷкәынмза 14 аԥсуа жәлар ҳаҟанаҵы ахааназы ҳҭоурыхтә гәалашәара аҿы хашҭра амамкәа инхо мшы еиқәаҵәоуп.

29 шықәса раԥхьа иҟалеит ҳаамҭазтәи Аԥсны аҭоурых аҿы зегьы раасҭа игәыҭшьаагоу ахҭыс. Ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа амацәаз иҭакыз Ҭҟәарчал ақалақь аҟынтәи Гәдоуҭаҟа ауааԥсыра алазгоз аҵәиԥрыга Лаҭа ианахыԥраауаз гәымбылџьбарала иҭадырхеит. Уа иалаблит ҧҵ-ҩык ауаа – ахәыҷқәа, аҳәса, абыргцәа. Агәрагара уадаҩуп аҩажәатәи ашәышықәса анҵәамҭазы абри аҩыза агыгшәыгра згәаӷьуа ауаа адәы иқәуп ҳәа, аха  ҳаԥсадгьыл ҳамырхырц иҳақәлаз ампыҵахалаҩцәа иршаҭомыз ахәыҷқәагьы. 

Наунагӡа ргәалашәара ҳацзаауеит гәымбылџьбарала иҭадырхаз ҳауаажәлар.

Гәнаҳара змамыз амаалықьцәа ргәалашәара иҳаднаҵоит ари аҩыза ахлымӡаах уаҳа иҟамларц азы агәҽанызаара, еснагь ҳазхиазароуп ҳхәыҷқәа, ҳажәлар, ҳаԥсадгьыл рыхьчара.

Рыԥсқәа ҭынчзааит хара змамкәа иҭархаз ҳауаажәлар, ҳхырхәоит урҭ ргәалашәара аҿаԥхьа.

 

 

 

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 18:14