Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ЛАҬАТӘИ АТРАГЕДИА ИНАМАДАНЫ АԤСНЫ ЖӘЛАР РАХЬ ААԤХЬАРА ҞАИҴЕИТ.

Аҩаша, 14 Ԥхынкәын 2021 18:40 118

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Лаҭатәи атрагедиа инамаданы Аҧсны жәлар рахь ааҧхьара ҟаиҵеит.

«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Ихьатәи амш ҳажәлар зегьы рзы игәыҭшьаагоу, итрагедиатәу мшуп.

29 шықәса раҧхьа, 1992 шықәса ҧхынҷкәынмза 14 рзы иҟалаз ахҭыс бааҧс уаҩы даршанхоит уи иацу агыгшәыгра. Ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рнапала иҭархан амацәаз иҭакыз Ҭҟәарчал ақалақь аҟынтә Гәдоуҭаҟа  ауааҧсыра алызгоз авертолиот.   

 

Ари амш 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраҟны арыцҳара ду зцу, зегьы раасҭа игәыҭшьаагоу шуп. Асабицәа, аҳәса, абыргцәа,рҭархаразы имҩаҧгаз, уаҩы ихаҿы изаамго ари ақәыларатә ак иҭархан 80-ҩык инареҳаны ауааҧсыра. Аҭоурых аҿы иҟоуп ахааназы уаҩы игәы иҭныҵәо ацәгьоурақәа. Абас иҟалеит ҳажәлар наунагӡ имӷьаӡо хәрахәра рзынзыжьыз Лаҭатәи атрагедиа. Аҭоурых аҿы иҟоуп ахааназы уаҩы игәы иҭнымҵәо ацәгьоурақәа. Абас иҟалеит ҳажәлар наунагӡа имӷьаӡо ахәра рзынзыжьыз Лаҭатәи атрагедиа.

Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп ари аҩыза ахлымӡаах уаҳа иҟамларц азы.

Иага аамҭа царгьы, ргәалашәара лаша ҳацзаауеит 1992 шықәса ԥхынҷкәынмза 14 рзы гәымбылџьбарала иҭадырхаз. Рыԥсқәа ҭынчзааит харада иҭархаз ҳауаажәлар, инымҵәаӡо рхьаа рыцеиҩаҳшоит урҭ рыуацәа, рҭынхацәа».   

 

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 18:10