Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АСЛАН БЖЬАНИА ВЛАДИМИР ПУТИН УРЫСТӘЫЛТӘИ АФЕДЕРАЦИА АКОНСТИТУЦИА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Амҽыша, 12 Ԥхынкәын 2021 12:29 118

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 12, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа Амш идиныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа!

Азин сышәҭозар, ҳаҭырқәҵарала сшышәзыҟоу азгәаҭо, ишәыдысныҳәаларц сҭахуп аҳәынҭқарратә ныҳәа Ду – Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа Амшныҳәа.

1993 шықәса ҧхынҷкәынмза 12 Урыстәыла аҭоурых ҿыц аҟны аҳәынҭқарра аҧсҭазаара аҿы аамҭа ҿыц ашьақәгылара иазҳәоу иҷыдоу аҭыҧ ааннакылоит.

Урыстәылатәи Афедерациа Аконситуциа атәыла қәҿиарала аҿиара уасхырс иазышьҭоуп, ацәаҩашьатә хырхарҭа хадақәаны изгәылоу, ауаҩы изинқәеи ихақәиҭреи акырӡа зҵазкуа ак акәны иазгәазҭаз.  

2020 шықәса рзы Адокумент Хада аҧсахрақәа ралагалара ақәшаҳаҭхара иазкыз Урыстәылазегьтәи абжьыҭирақәа рылҵшәа ҩаҧхьа ишьақәнарӷәӷәеит Шәара имҩаҧыжәго аполитикатә хырхарҭа ажәлар рганахьала иамоу агәрагареи адгылареи.

Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа, абри аныҳәамш аҽны Урыстәыла Дуӡӡа ажәлар зегьы нашәыдкыланы ишәзеиӷьасшьоит аизҳазыӷьара, аҭынчра, анасыҧ!». 

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 17:54