Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

МИХАИЛ ЛОГӘУА «АԤСНЫМҨА» НАПХГАРА АИҬОИТ.

Ахәаша, 10 Ԥхынкәын 2021 18:48 114

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Михаил  Логәуа  Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аҧснымҩа»  анапхгаҩы  Хадас  дҟаҵоуп.  Уи азы жьҭаарамза 22, 2021 шықәсазы Адҵа лнапы аҵалҩит аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, атәыла аекономика аминистр Кристина Озган.

Михаил Логәуа имаҵуратә уалҧшьа анагӡара далагеит ҳазҭоу ашықәс жьҭаарамза 25 рзы, ҳәа Аҧсныпресс акорреспондент адырра иоуит аекономика Аминистрра аҿы.

Михаил Логәуа  – Москватәи автомобилтә Институт доужьҭымҭоуп.

Ԥхынгәымза, 2020 шықәса инаркны ҧхынгәымза 2021 шықәсанӡа Михаил Логәуа Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» анапхгаҩыс аус иуан.

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 17:21