Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

УРЫСТӘЫЛА АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АҾЫ АНДРЕИ РУДЕНКОИ ИРАКЛИ ҬЫЖӘБЕИ РЕИԤЫЛАРА МҨАԤЫСИТ.

Ахәаша, 03 Ԥхынкәын 2021 13:51 92

 

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 3, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Андреи Руденко Кавказнҭыҵ аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рзы Жәларбжьаратәи адискуссиақәа рҿы Аҧснытәи  аделегациа ахада, Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминиср ихаҭыҧуаҩ Иракли Ҭыжәба диҧылеит.  

Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә  саит  иҟанаҵо  адыррақәа рыла, аиҧылара аҿы  ҳазҭоу ашықәс, ҧхынҷкәынмза 7-8 рзы  имҩаҧысраны иҟоу Женеватәи адискуссиақәа рымшхәаҧштә азы агәаанагарақәа инарҭбааны рылацәажәара мҩаҧысит.

Аиҧылара иалахәыз актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы  ирылацәажәеит, иара убас Жәларбжьаратәи Женеватәи адискуссиақәа рформат аспектқәак рыла рпозициақәа реишьашәалара азгәарҭеит.

Ҷыдала ахшыҩзышьҭа аҭан амчра ахархәара мап ацәкра азы жәларбжьаратәи агарантиақәа рзы закәанла аҭакҧхықәра алзыршо азҵаареи, иара убас арегион аҿы ашәарҭадара ашьақәыргылара апроблемеи рыӡбара. 

Аиҧылара иалахәыз иара убас аҩганктәи аусеицура изаамҭанытәиу егьырҭ азҵаарақәагьы ирылацәажәеит.

 

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 01:09