Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ИНАЛ АРӠЫНБА ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АИҾКААРАҚӘА РХАҬАРНАКРАҚӘА РХАДАЦӘА ДЫРԤЫЛЕИТ.

Ашәахьа, 29 Абҵара 2021 17:24 91

Аҟәа. Абҵарамза 29, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы имҩаԥысит Инал Арӡынбеи Аԥсны аус зуа  жәларбжьаратәи инапхгаратәым аиҿкаарақәа Рхаҭарнакрақәа рхадацәеи реиԥылара, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит. Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа аус рыцура азы адепартамент аиҳабы Артур Гагәылиеи.

Уажәтәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа еиуеиԥшым апроектқәеи апрограммақәеи нарыгӡоит: International Committee of the Red Cross (Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет), United Nations Development Program (Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Аҿиара Апрограмма), United Nations Children’s Fund (ЮНИСЕФ), UN Women (Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Аҳәсақәа), World Vision International (Ворлд Вижн Интернешнл), Danish Refugee Council (Ахҵәацәа рзы Даниатәи Ахеилак), Action Against Hunger (Амлакра аҿагылара иазку Аиҿкаара), United Nations High Commissioner for Refugees (УВКБ), The HALO Trust (ХЭЛО Траст), Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҿы иаԥҵоу Афытә-ажәтәии ақыҭанхамҩатәии (FАО).

Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Аԥсны адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа аиҳабы Инал Арӡынба инапхгаратәым жәларбжьаратәи Аиҿкаарақәа ареспублика аҿы инарыгӡо аусура акыр аҵак ду амоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ари зматериалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу ҳтәыла ауааԥсыра адгылара рыҭара азы акыр зҵазкуа усуроуп. Ҳара уи ахә ҳаракны иаҳшьоит. Уи аринахысгьы излауа ала адгылара аҳҭалоит. Шәара шәеилазаара аҟынтәи аӡәырҩы ареспублика аҿы Аџьынџьтәылаәи еибашьра анеилга аахыс аус руеит. Убасҟан ауп ҳтәылауаа ауадаҩрақәа рацәаны ианырхыргоз. Урҭ баша ицәырымҵӡеит, уи Қырҭтәыла аганахьала иҟалаз агрессиа иахылҿиааит. Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет еиԥш аиҿкаарақәа усҟан инарыгӡоз аусура ҳуаажәлар рзы акырӡа аҵанакуан», - ҳәа иҳәеит Инал Арӡынба.

Аминистр Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ареспублика иахьаҵанакуа жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа имҩаԥырго аусура акоординациа назыгӡо аусбарҭа аҳасабала зегьы реиҳа ихадароу ароль нанагӡоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.   

«Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра  аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа, жәларбжзьаратәи аиҿкаарақәеи аҳәаанырцәтәи икоммерциатәым аиҿкаарақәеи  аус рыцура азы иҟоу анорма-зинтә шьаҭа инақәыршәаны, ареспублика иахьаҵанакуа жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа имҩаԥырго аусура акоординациа назыгӡо аусбарҭа аҳасабала зегьы реиҳа ихадароу ароль нанагӡоит. Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнакрақәа рышәҟәҭагаларақәа рзы азыҳәамҭақәа еиқәнаршәоит, зынагӡара азԥхьагәаҭоу апроектқәа рықәшаҳаҭрақәа еиҿнакаауеит. Ҳара иарбоу ахырхарҭа ала активла аусеицура ҳадгылоит», - ҳәа иҳәеит иара. Аминистр Аԥсны аҿар ацхыраареи адгылареи рыҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны жәларбжьаратәи инапхгаратәым аиҿкаарақәа аус рыцуразы  агәыӷра ааирԥшит. «Ҳара даара абаҩхатәра ду злоу аҿар ҳамоуп.  Есыҽны еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы аҟыбаҩ злоу аҿар цәырҵуеит. Ҳҿар адгылара рышәҭалар ҳара ҳзы уи даараӡа иус дуны иҟалоит», - ҳәа иҳәеит Инал Арӡынба.   

Аминистр иажәақәа рыла, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа русураҿы аринахысгьы адгылара рыҭара иазхиоуп. «Хра злоу агуманитартә усура алҵшәақәеи аполитикадара, агуманизм, алҵшәара ҳазыԥшуп. Иҳалшо зегьы ҟаҳҵалоит, ацхыраара аҭарагьы ҳазхиоуп», - ҳәа иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.    

Жәларбжьаратәи инапхгаратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа анаҩсгьы аусеицура ишазхиоу азгәарҭеит.

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 23:58