Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АЛАДА УРЫСТӘЫЛА АРРАТӘ ОКРУГ АҲАҚЬЫМЦӘА АРРАТӘ МОБИЛТӘ ХӘЫШӘТӘЫРҬА АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИҾЫЦУ АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА COVID-19 ЗЛАҼЫЗ 200 -ҨЫК ИНАРЗЫНАԤШУА АПАЦИЕНТЦӘА РЫДКЫЛАРА РЫЛШЕИТ.

Асабша, 27 Абҵара 2021 15:08 87

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза  18 инаркны Аҟәа ақалақь аҿы аус зуа Алада Урыстәылатәи Арратә Округ иатәу афункциа рацәа назыгӡо амобилтә хәышәтәырҭа аҳақьымцәа  ахәышәтәразы ирыдыркылахьеит   иҿыцу акоронавирустә ҿкы чымазара злаҽыз  2 нызықь инарзынаԥшу Аԥсны ауааԥсыра, ҳәа адырра ҟанаҵоит Алада Урыстәылатәи Арратә Округ апресс-маҵзура.

Амбулатортә хәышәтәра иахысхьеит 1058 –ҩык, анастезиологиеи-ареанимациеи рыҟәша ахь инагоуп 95 - ҩык. 535 - ҩык апациентцәа иахәҭоу ахәышәтәра анроу ашьҭахь илҩааны рыҩныҟақәа рахь иоурышьҭхьеит.

Уажәы ахәышәтәырҭа аҿы рҽырхәышәтәуеит акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 азы здиагноз шьақәырӷәӷәоу  60 – ҩык апациентцәа. Урҭ иахәҭоу амедицинатә цхыраара роуеит, ахәышәтәра-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа зегьы ирхысуеит. Ачымазцәа ареспублика араионқәа зегьы рҟынтәи арахь иааргоит ирласу амедицинатә цхырааразы амашьынақәа рыла. Ашьҭаҵареи анаҩстәи ахәышәтәреи рзы аӡбамҭа адкылара ачымазаҩ инхарҭаҭыԥ иааҵанакуа аҳақьымцәа рақәыршаҳаҭрала имҩаԥысуеит. 

Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра  иатәу афункциарацәа назыгӡо арратә мобилтә хәышәтәырҭа 100-шьҭаларҭа-ҭыԥ амоуп. Ианаҭахха азы инацҵаны даҽа  50 шьҭаларҭа-ҭыԥ аиқәыршәаразы алшара ыҟоуп. Уи иҿыцу акоронавирусттә ҿкы чымазара злаҽыз ауаа рыстационартә хәышәтәра иазкуп. Амшьамбақәа рҿы адкыларатә ҟәша, алабораториа,  арентген-кабинет ыҟоуп. 

Апациентцәа рыдкыларазы ахәышәтәырҭаҿы адкылара-еилыԥшааратә, асанитар-епидемиологиатә, ахәышәтәратә, аҿкытә ҟәшақәа еиҿкаауп, иара убас Алада Урыстәылатәи Арратә Округ аҳақьымцәа ареспублика ақалақьқәа рлабораториақәа рҟынтәи иаарго анализқәа ПЦР-диагностика нарыгӡоит. Анализқәа, алҵшәақәа зегьы шьҭахьҟа ареспублика алабораториақәа рахь идәықәҵахоит, уи атестҟаҵара иақәырӡхо аамҭа акыр иармаҷуеит, анализ ҩынҩажәа минуҭ ирҭагӡаны имҩаԥгахоит.

Ахәышәтәырҭа аҿы иҟоу аҭыԥқәа рҟынтәи 64-шьҭаларҭа ҭыԥ аҵәыҵәри аҭара азы аиқәыршәагақәа рыла еибыҭоуп, урҭ рахьынтә  13 шьҭаларҭа арыԥҳақәа рыҩныҵҟа иԥсабаратәым аҳауаеиҭарсра иазку аппаратқәа рыла еиқәыршәоуп. Ахәышәтәырҭа еиԥҟьарада аҵәыҵәри ала аиқәыршәара мҩаԥнагоит Гәдоуҭа иҟоу Алада Урыстәылатәи Арратә Округ абаза. Иааизакны, уахыки-ҽнаки рыла ақәыӷәӷәара ду аныҟоу аамҭазы иныххоит 100 баллонк рҟынӡа ирҭоу аҵәыҵәри. 

Нанҳәамза 18, 2021 шықәса раахыс  100 – ҩык инареиҳаны ари ахәышәтәырҭа аҳақьымцәа уахы-ҽни инеиԥынкыланы апациентцәа рыдыркылоит, ахәышәтәра-диагностикатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит, иара убас Аԥсны ақалақьтә лабораториақәа рҟынтәи иаарго  ПЦР- анализқәа рдиагностика нарыгӡоит.

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 23:56