Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АМИЛИЦИА АУСЗУҨЦӘА ЗЫԤШААРА МҨАԤЫСУАЗ ГАРРИ АҨӠБА ДААНЫРКЫЛЕИТ.

Асабша, 27 Абҵара 2021 16:22 101

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан Аҟәа ақалақь Сахаров имҩаду ала атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусԥшааратә Усбарҭеи Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭеи русзуҩцәа ԥхынгәымза  Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 217 ахәҭа 1  инақәыршәаны ихаҵыркыз ашьауеилыргара инамаданы ԥхынгәымза 20, 2021 раахыс  зыԥшаара мҩаԥысуаз, 1976 шықәса рзы ииз Аҩӡба Гарри Хьудар-иԥа даанкылахеит. Уи Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аамҭалатәи аԥхьакырҭа ахь днагоуп. 

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура уаанӡа иҟанаҵоз адыррақәа рыла, рашәарамза 17 рзы, 20 сааҭи 00 минуҭи инарзынаԥшуа, Гудалиа Руслан Енварбеи-иԥа, Гәыдалиа Игорь Енварбеи-иԥа, Аҩӡба Гарри Хьудар-иԥеи Зыхәба Аслан Игорь-иԥеи иҭҟьо абжьари аџьаԥҳани рыла еиқәных, Аслан Зыхәба зыԥсҟы икыз автомашьына  «Nissan Skyline» ала  В. Лакобеи Цәыббрамза 30 рымҩадуқәа реихысырҭаҿы иҟоу ауарашжәырҭа ахь Ӡыба Беслан Леонид-иԥа иԥыларазы инеит. Аиԥылара аҿы Беслан Ӡыбеи Гәыдалиа Руслани Зыхәба Аслани  ажәа еимаркит, уи анаҩс урҭ аисрахь икылеибагеит. Беслан Ӡыба имаз, зыхкы макьаназы ишьақәыргылам абџьар ала гәҭакыла Руслан Гәыдалиа деихсны дишьит Аслан Зыхәба дихәит. Автомашьынаҟынтәи иҟаз зегьы збоз Игорь Гәыдалиа, убасҵәҟьа зыхкы шьақәыргылам  автоматбџьар ала ауарашажәырҭа аҩныҵҟа 10-нтә еиҵамкәа дыҩнахысит. Уи иахҟьаны Беслан Ӡыба дызгашаз ахы иқәшәеит.

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 23:52