Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АМИЛИЦИА АУСЗУҨЦӘА «АМШЫНЕИҚӘАФЫМЦАМЧ» АХЫБРА ЕИХСУАЗ ДААНЫРКЫЛЕИТ.

Асабша, 27 Абҵара 2021 16:34 126

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа амилициа актәи аҟәша аусзуҩцәа дааныркылеит  1979 шықәса рзы ииз Хәарҵкьиа Алхас Константин-иԥа.

Алхас Хәарҵкьиа абҵарамза 25, 22 сааҭи 50 минуҭи инарзынаԥшуа Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аҵакыра аҿы дшыҟаз, гәҭакыла ауааԥсыра рыԥсҭазааратә еиҿкаара ашәарҭара иҭаргыло, азинлеишәа аилагарала, имаз абџьар аҟынтәи «Амшынеиқәафымцамч» ахыбра аганахьала аантәы дхысит. Алхас Хәарҵкьиа амилициа аусзуҩцәа иаанкылара азы аҽазышәарақәа ианрылага аамҭазы даҽы бжьынтәы дхысит.  Алхас Хәарҵкьиа  аҭыԥаҿы даанкылан, иабџьаргьы имхын.

Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусеилыргаратә ҟәша Хәарҵкьиа Алхас иганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 207 ахәҭа 2 (иҭҟьо абџьар ала ауаажәларратә зинлеишәа аилыргаразы, иара убас ауаажәларратә зинлеишәа аилагара иаԥырхагахаз амчра ахаҭарнак  иҿагылареи) инақәыршәаны аусеилыргара хацнаркит. Иарбоу ацәгьоура азы ахьырхәра аҳасабала Ашьаустә Закәанеидкыла ала иазԥхьагәаҭоуп ԥшьы-шықәса инаркны бжьы-шықәса рҟынӡа аҭакра.

Алхас Хәарҵкьиа имхыз абџьар – ТТ асистема иатәу  атапанча (ахҭаларшә 7.62 мм)  аекспертиза амҩаԥгаразы идәықәҵоуп, уи алҵшәақәа рыла апроцессуалтә ӡбамҭа рыдыркылоит. 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 23:51