Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АКОМАДА «АҞӘА» УАРЛАМ ЛАКРБА ИГӘАЛАШӘАРА ИАЗКНЫ ИМҨАԤГАЗ АШЬАПЫЛАМПЫЛ АЗЫ АТУРНИР АҾЫ АИААИРА АГЕИТ.

Ашәахьа, 22 Абҵара 2021 11:27 83

Аҟәа. Абҵарамза 22, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа акоманда «АҞӘА»  аҟәатәи «Динамо» ахәмарҩы, 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран Уарлам Лакрба игәалашәара иазкны имҩаҧгаз ашьапылампыл азы атурнир аҿы аиааира агеит. 

Атурнир абҵарамза 21, 2021 шықәсазы Уарлам Лакрба ихьӡ зху аҟәатәи ақалақьтә стадион аҿы имҩаҧысит.

Ашьапылампыласыҩцәа қәыҧшцәа афинал аҿы акоманда «Динамо» асчиот 4:3 ҳәа иаиааит.

Атурнир иреиӷьу ахәмарҩы дыҧхьаӡахеит Мирослав Рагимов, иреиӷьу ажәылаҩыс – Давид Иосава.

Акоманда «АҞӘА»  азыҟаиҵоит Иракли Кациа.

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 21:11