Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

СЕРГЕИ ЛАВРОВ ИНАЛ АРӠЫНБА АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРС ИҞАҴАРА ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Ашәахьа, 22 Абҵара 2021 10:34 71

Аҟәа. Абҵарамза 22, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр  Сергеи  Лавров Инал Арӡынба ихьӡала Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаҵара инамаданы  адныҳәаларатә шәҟәы ааижьҭит.

Адныҳәаларатә шәҟәы атекст аҟны ахәҭакахьала иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Инал Батуевич! Ишәыдысныҳәалоит Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистрс шәахьыҟалаз!

Аҧсны Аҳәынҭқарра аҿаҧхьа уи жәларбжьаратәи апозициақәа рырӷәӷәареи арегионалтә шәарҭадареи аҭышәынтәалареи рышьақәырӷәӷәареи рзы ихадоу азҵаарақәа ықәгылоуп.

Урыстәылатәи аган арҭ ахықәкқәа рынагӡараҿы аринахысгьы ганрацәала ацхыраара иазхиоуп».

Инал Баҭу-иҧа Арӡынба атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵан Аҧсны Аҳәынҭқарра абҵарамза 17, 2021 шықәса рзы иҭижьыз  Аусҧҟа  ала.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 21:01