Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АПАТРИАРХ КИРИЛЛ 75-ШЫҚӘСА ИХЫҴРА ИНАМАДАНЫ АДНЫҲӘАЛАРА ҞАИҴЕИТ.

Асабша, 20 Абҵара 2021 10:37 86

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москватәии Урыстәылазегьтәии Апатриарх Кирилл 75-шықәса ихыҵра Амш аҽны дидныҳәалеит.

Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:

«Иҧшьоу шәаҳаракыра!

Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит 75-шықәса шәхыҵра аиубилеи!

Шәара шәыҧсҭазаара Анцәа имаҵура, ауаа рыгәқәа рыҟны аиашахаҵаратә нцәахаҵара ашьақәырӷәӷәара иазышәкит.

Аурыс Иашахаҵаратә Ныха апозициа арӷәӷәаразы Шәара Апатриарх иаҳасабала имҩаҧыжәго аҧшьамаҵура аҳаҭырқәҵара ду иаҧсахеит. 

Аамсҭашәара, ақьырсиан ҵасқәа рышьақәырӷәӷәара иабзоураны, Шәара адунеи зегьы аҿы шәеицырдыруеит, хьӡи-ҧшеи шәымоуп.

Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҭабуп ҳәа шәарҳәоит Шәара иҟашәҵо адгыларазы. Агәра згоит аҧхьаҟагьы ҳқьырсиан жәларқәа реизыҟазаашьа аиҩызара шьаҭа аманы аҿиара шроуло.

Иҧшьоу шәаҳаракыра, гәык-ҧсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, Анцәа илҧхала имҩаҧыжәго аус аҟны аихьӡарақәа!».

 

Возврат к списку.

 

 

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 20:57