Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

РУСЛАН ҲАШЫГ АԤСНЫ АЖУРНАЛИСТЦӘА РЕИДГЫЛА АХАНТӘАҨЫС ДЕИҬАЛХУП.

Асабша, 20 Абҵара 2021 23:47 96

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Асабша, абҵарамза 20 рзы имҩаҧысит Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла ХIII Аизара Ду. 

Аҧхьатәи ажурналисттә еиҿкаарақәа рҿы иалхыз 71-ҩык аделегатцәа рнаҩс, Аизара Ду рхы аладырхәит ареспублика ажурналистцәа Реидгыла алахәылацәа рҟынтәи уи азы агәазыҳәара змаз зегьы.  Аделегатцәеи асасцәеи рышәҟәҭагалара аан зегьы рнапы иадыркуан 2016-2021 шш. Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла аусура азы инарҭбаау аҳасабырба зну, аҧсуа бызшәала еиҧш аурыс бызшәалагьы иҭыжьу аброшиурақәа.  

Аизара Ду аусура иалагӡаны аделегатцәа Аидгылара аусура аиӷьтәра иазкны азеиӷьашьарақәеи аидеиақәеи агәазыҳәарақәеи зныҧшуаз ажәахәқәа ҟарҵеит. Иазыӡырҩит аконтрол-ревизиатә комиссиа аҳасабырба, аиҿкаара Аҧҟаҧҵәа аиҭакрақәаки ацҵақәеи алагалан, иара убас ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩи апрезидиум алахәылацәеи ралхра мҩаҧган.   

Аизара Ду аусура аартуа, Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг аҵыхәтәантәи хәы-шықәса ирылагӡаны Аидгылара имҩаҧнагаз аусура азы аҳасабырбатә ажәахә ҟаиҵеит. Уи иҟаиҵаз адыррақәа рыла, иарбоу аамҭа азы Аидгылара иалалеит 60-ҩык инарзынаҧшуа ажурналистцәа, урҭ рхыҧхьаӡараҿы дыҟоуп еицырдыруа апоет Ганнади Аламиагьы.   Иара убас Руслан Ҳашыг ажурналист ҿарацәа Аидгылара алаларазы иаадырҧшуа агәазыҳәара акырӡа аҵак ду шамоу азгәеиҭеит.

Аҵыхәтәантәи хәы-шықәса рыла ажурналистцәа Реидгыла имҩаҧнагеит 11 конкурс. Урҭ рзеиҧш биуџьеҭ 1 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Аконкурсқәа рымҩаҧгаразы аҧаратә хархәагақәа азоунажьуан аџьынџьуаа рыҧсадгьыл ахь рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә Банк, иара убас аҧаратә хархәагақәа рзоужьра мҩаҧысуан ареспубликатә биуџьеҭ аҟынтәигьы. 

Аконкурстә темақәа рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп: арепатриациа, абанктә система, Апарламент аусура иазку.

«Сынтәа ҳара аконкурс амҩаҧгара рылаҳамҳәаӡеит, аха ашықәс анҵәамҭазы ажурналистцәа акоронавирустә ҿкы чымазара алаҵәара аҿагылара атема азы адырраҭарақәа рыҟаҵара азы апремиақәа роуеит», - ҳәа иҳәеит Руслан Ҳашыг.

Уи иара убас ари ихадоу атема азы адырраҭарақәа ҟазҵози изыҩуази ажурналистцәа зегьы иҭабуп ҳәа раҳәо, аҧсуа журналистцәа ианакәызаалакгьы атәыла ихадоу атемақәа – уи аибашьра аума, иуадаҩу аибашьрашьҭахьтәи апроблемақәа роума, иџьбароу аполитикатә зҵаарақәа роума, иахьатәи амш азы акоронавирустә ҿкы чымазара алаҵәара апроблема, уҳәа    рықәҿыҭра зеиӷьаҟам ала ирылдыршон ҳәа иазгәеиҭеит.    

Уи иара убас урыстәылатәи рколлегацәа аҧхьа инаргыланы жәларбжьаратәи аимадарақәа рыбжьаҵара иазкны аҧсуа журналистцәа инарыгӡо аусура иаҵоу аҵакы хада инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Руслан Ҳашыг иқәгылара аҿы иазгәаҭан ажурналистцәа рсоциалтә хьчара, акыр имаҷу руалафахәы, аиҳарак аҳәынҭқарратә массатә информациатә хархәагақәа рҿы аус зуа ажурналистцәа. Убри аан, уи аполитикатә кризисқәа реишьҭагылара иадҳәаламкәа абар шьҭа ҧшьышықәса ирылагӡаны аҳәынҭқарратә биуџьеҭ аҟынтәи ихьыҧшым амассатә информациатә хархәагақәа ирзоужьхо асубсидиақәа реиҧш иҟоу хра злоу аганқәагьы дырзааҭгылеит.

Аполитикатә кризисқәа дрыхцәажәо, Руслан Ҳашыг ицәырҵуз ауадаҩрақәа шмаҷымызгьы  имҩаҧысуаз ахҭысқәа обиективла, иҵабыргны раарҧшра зҽазызшәоз аредакциақәа рыпрофессионалтә усура инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Ҳара хазы-хазы иҟоу аредакциақәа рҿы аус ҳуазар ауеит, уимоу аконкурентрагьы ҳабжьаларгьы алшоит, аха убри аан,  аҧсуа демократиатә ҳәынҭқарра аҿиара аус аҿы ҳара еснагьгьы аидгылара, аицхыраара, ҳажәҩахыр еибыҭаны аусура азы алшара шҳамоу ааҳарҧшуазароуп.

«Аидгылара аусура аҿы хадара злоу хырхарҭаны иҟоуп – ажурналистцәа рзинқәа рыхьчара, Аидгылара дамазар ахәҭоуп амедиа-зин аусхкы аҿы аус зуа азиндырҩы», -ҳәа иҳәеит Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.

Руслан Ҳашыг иара убас амассатә информациа ахархәагақәеи еиуеиҧшым аҳәынҭқарратә структурақәа рыпресс-маҵзурақәеи русеицура атемагьы дазааҭгылеит.

«Апресс-маҵзурақәа абжьааҧны ажурналистцәа рфункциақәа нарыгӡо иалагоит, уи еиҳа апропаганда еиҧшхоит. Аус аҿы апресс-маҵзурақәа рхыдҵа хаданы иҟоуп – амассатә информациа ахархәагақәа рҭыҧ аанкылара акәымкәа, амчреи анапхгараҭареи русбарҭақәа русура обиективла, ганрацәала аарҧшра иазку ажурналистцәа русура аҿы ацхыраара рыҭара», - ҳәа иҳәеит Руслан Ҳашыг.

Уи иара убас араионқәа рхадарақәа апресс-маҵзурақәа иахьыҧшны иҟалаз араионтә газеҭқәа рыпроблема дазааҭгылеит. Руслан Ҳашыг игәаанагарала уи ииашаӡам. Иара убас уи иқәгылараҿы аҳәынҭқарратә аҧсуа бызшәа ала иҭыҵуа амассатә информациатә хархәагақәа афинанстәии аиҿкааратәии ацхыраара рыҭара шхымҧадатәиу азгәеиҭеит.

«Ауадаҩрақәа рацәоуп, урҭ рыӡбаразы ихымҧадатәиуп ажурналистцәа русеицуреи реидгылареи ада, Апарламент аус ацурагьы хымҧадатәиуп», - ҳәа иажәахә хыркәшо иазгәеиҭеит иара.

Аидгылара ахашәалахәқәеи ахарџьқәеи рзы адырра ҟаҵо дықәгылеит аревизиатә комиссиа ахантәаҩы Алхас Ҷолокуа.

Аизара Ду аделегатцәа рыхьӡала адныҳәаларатә шәҟәы ааишьҭит Урыстәыла ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Владимир Соловиов. Уи аҧснытәи иколлегацәа русура аҿы ақәҿиарақәеи аманшәалареи рзеиӷьаишьеит. Иара убас Аизара Ду аделегатцәа дрыдныҳәалеит уажәы Аҧсны иҟоу Аахыҵ Уаҧстәыла ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Баҭраӡ Харебов.   

Абыргцәа Рхеилак ахантәаҩы, ажурналистцәа Реидгыла алахәыла Апполон Думаа еизаз зегьы аҧсшәа раҳәо русураҿы ақәҿиарақәа рзеиӷьаишьеит.  

«Ажурналист иажәа ахаангьы ахы алымҟьо иҟазароуп, ииашазароуп, иҵарызароуп», - ҳәа иҳәеит иара. Апполон Думаа иара убас абар шьҭа 89-шықәса иҭыҵуа Очамчыратәи агазеҭ аҧеиҧш азы агәҭынчымра ааирҧшит.

«Агазеҭ ахатәы иуристтә статус амазароуп, аха аус аҿы уи араион Ахадара апресс-маҵзура иаҵанакуа иҟарҵеит, уи зынӡа ииашаӡам ҳәа агәаанагара сымоуп!», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Апполон Думаа. Уи иара убас ажурнал «Алашара» атираж армаҷра азы агәҭынчымра ааирҧшит. Уи инаҵшьны иҳәеит аҧсуа бызшәала иҭыҵуа аҭыжьымҭақәа зегьы адгылара рыҭара шхымҧадатәиу.

Араионтә газеҭқәеи ателехәаҧшреи еиҳа ахшыҩзышьҭра рыҭара шхымҧадатәиу, уаҟа аус зуа рулафахәы шышьҭыхтәу атәы лҳәеит ажурналист Екатерина Бебиа. Уи иара убас аполитикатә еилибамкаара иадҳәаламкәа арратә журналистцәа зегьы еидызкылаша апроект анагӡара азы аидеиа шлымоу лҳәеит.

Аинформациатә Маҵзура «Аҧсныпресс» адиректор Манана Гәыргәылиа лықәгылараҿы ажурналист ҿарацәа  рҧышәатә ҟазара аҩаӡара аизырҳаразы апрофессионалцәа радыҧхьаларала еиҳа атренингқәеи амастер-классқәеи рымҩаҧгара шхымҧадатәиу азгәалҭеит.   Иара убас уи ажурналистцәа Реидгыла аҿы актуалра злоу азҵаарақәа рыла ажурналистцәа адыҧхьаланы апресс-конференциақәа рымҩаҧагаразы аплошьадка аҧҵара азы ажәалагала ҟалҵеит. Иара убас лара ареспублика иахьаҵанакуа апресс-турқәа рымҩаҧгара азы ажәалагалагьы ҟалҵеит. Уи лгәаанагарала  араионқәа рҟынтәи аинформациа аҳҭнықалақь аҟынтәи аасҭа еиҳа имаҷны алаҵәара аиуоит.

Аизара Ду аделегатцәеи алахәылацәеи ажурналистцәа Реидгыла  иҳаҩсыз 5 шықәса рзы аусура хар амамкәа имҩаҧгоуп ҳәа ирыҧхьаӡеит, иара убас  Руслан Ҳашыг Аҧсны ажурналистцәа Реидгылара ахантәаҩыс иеиҭалхра азы еицҿакны рыбжьы рҭиит. 

Аидгылара ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩыс далхуп Зурб Аргәын, аҭакзыҧхықә маӡаныҟәгаҩыс -Заира Ҵәыџьба. Иара убас Аизара Ду амҩаҧгара аҳәаақәа ирҭагӡаны ажурналистцәа Реидгыла алахәыла ҿыцқәа аршаҳаҭгақәа ранашьарагьы мҩаҧысит.

*** Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла Аҧсны Аҳәынҭқарра ажурналистцәа ринтересқәа рыхьчара иазку аусура анагӡаразы иаҧҵоу арҿиаратә, ихьыҧшым, апрофессионалтә журналистцәа рыуаажәларратә еиҿкаараны иҟоуп.

Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла еиднакылоит: афотокорреспондентцәа, аредакторцәа, амассатә информациа ахархәагақәа (акьыҧхь, арадио, ателехәаҧшра, аинформациатә Маҵзурақәа, аҭыжьырҭақәа) егьырҭ аусзуҩцәа, иара убас ажурналистика ахырхарҭала аҭҵаара-дырратәи арҵаҩратәи аусура назыгӡо. 

Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла ҧхынҷкәынмза 17, 1968 шықәсазы аиҿкаара аҧҵаратә Еизара Ду аҿы иаҧҵан. Ԥхынгәымза 9, 2020 шықәса рзы Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла ажурналистцәа Жәларбжьаратәи Афедерациа (МФЖ) аимадазааратә лахәыланы иҟалеит.

Абҵарамза 1, 2021 шықәсазы Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла алахәылацәа рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп 178-ҩык амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа, урҭ рахьынтә 12-ҩык ажурналистцәа  аҳәаанырцәтәи аҭыжьымҭақәа рҿы аус руеит. 

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 20:55