Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АКОЛЛЕКТИВИ АНАПХГАҨ ҾЫЦИ РЕИБАДЫРРА МҨАԤИГЕИТ.

Аԥшьаша, 18 Абҵара 2021 10:34 65

Аҟәа. Абҵарамза 18, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра  аколлективи анапхгаҩ ҿыц Инал Арӡынбеи реибадырра мҩаҧигеит. 

Инал Арӡынба Аҧсны адәныҟаполитикатә Хылаҧшырҭа ахадас иҟаҵаразы Аусҧҟа Аҳәынҭқарра Ахада инапы аҵаиҩит абҵарамза 17, 2021 шықәсазы.

Инал Арӡынба иаҧхьа 2016 шықәса раахыс ари амаҵураҭыҧ дахагылан Даур Ақаҩба.

Аслан Бжьаниа анапхгаҩ ҿыци Ахылаҧшырҭа аколлективи аконструктивтә, агәреибагаратә еизыҟазаашьақәа шрыбжьало азы агәыӷра шиоу аарҧшит.

Даур Ақаҩба иколлегацәа аусеицуразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, Ахылаҧшырҭа анапхгаҩы ҿыц ақәҿиарақәеи аманшәалареи изеиӷьаишьеит.

Ахәҭакахьала, Инал Арӡынба Аҳәынҭқарра Ахада ииҭаз агәрагаразы иҭабуп ҳәа еиҳәеит, убри аан адәныҟаполитикатә ҭагылазаашьаҿы ауадаҩрақәа шыҟоугьы ҳәоуеиқәшәала аусураан алҵшәа бзиақәа раарҧшра шзалыршахо азгәеиҭеит.

Инал Баҭу-иҧа Арӡынба диит ҧхынгәымза 26, 1990 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы.

2007 шықәсазы далгеит Аҟәатәи 10-тәи Ашьхарыуаа рышкол, анаҩс Москва ақалақь Иреиҳаӡоу аекономика ашкол дҭалеит.

2007-2012 шш. Иреиҳаӡоу аекономика ашкол адунеизегьтәи аекономикеи адунеизегьтәи аполитикеи рфакультет аҿы аҵара иҵон. Урыстәылатәи аполитолог Сергеи Караганов инапхгарала адиссертациа аус адиулон.

2021 шықәсазы Инал Арӡынба аилазаара «Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә бгаҧса» (Росгосстрах) GR ала (аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа аус рыцура азы) Апрезидент иабжьгаҩ имаҵураҭыҧ ааникылоит.

2012 шықәсазы Урыстәылазегьтәи аконкурс аихшьаалақәа рыла Вашингтон ақалақь аҿы имҩаҧысуаз асаммит «Аатәылак рҟынтәи аҿар рхаҭарнакцәа» аҿы Урыстәылатәи аделегациа аҧызас далхын. 2013 шықәсазы Санкт-Петербург ақалақь аҿы имҩаҧысуаз асаммит «Ҩажәа тәыла рҟынтәи аҿар рхаҭарнакцәа» аҿы, иара убас  Лондон ақалақь имҩаҧысуаз асаммит «Аатәылак рҟынтәи аҿар рхаҭарнакцәа» аҿы Урыстәылатәи Афедерациа аделегациа напхгара аиҭон. 

2014 шықәса инаркны 2018 шықәсанӡа Инал Арӡынба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аҿы аус иуан.

Лаҵарамза 2018 шықәсанӡа – аҳәынҭқаррақәа – Ихьыҧшым Аҳәынҭҭқаррақәа Реиҩызара алахәылацәа, Аҧсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ-Уаҧстәылатәи Ареспубликеи асоциал-економикатә усеицура рыбжьаҵара азы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аусзуҩ.

Ԥхынҷкәынмза 2017 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Иусҧҟа ала, Инал Арӡынба 3 акласс иаҵанакуа иҵабыргу аҳәынҭқарратә абжьгаҩ иранг ианашьахеит. 

Рашәарамза 2, 2017 шықәса рзы  Инал Арӡынба иаҧшьгарала Агәыҳалалратә еиҿкаара  «Аҧсны ихырҳагоу амчхара ацҳаражәҳәаҩцәа» аҧҵан.

Лаҵарамза 11, 2018 рзы шықәса рзы Инал Арӡынба Ихьыҧшым Аҳәынҭҭқаррақәа Реиҩызара алахәылацәа, Аҧсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ-Уаҧстәылатәи Ареспубликеи асоциал-економикатә усеицура рыбжьаҵара азы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аҿы имаҵураҭыҧ аанижьит.

Жьҭаарамза 24, 2018 шықәсазы Инал Арӡынба Москватәии Урыстәылазегьтәии Апатриарх Кирилл иҟны аҿар русқәа рзы ауаажәларратә Хеилак анапхгаҩыс дҟалеит. 

2020 шықәсазы уи иаҧиҵеит Аҧсны анапхгаҩ ҿарацәа рконкурс «Аҧсны агәадура».

2021 шықәса инаркны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа дицны  аҧыза ҿарацәа адгылара рыҭара азы иаҧҵоу аплатформа «Аҧсны аҧеиҧш» ҳаҭыр зқәу ахантәаҩыс дыҟоуп.

 

 

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 20:05