Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ГӘЫЛРЫԤШЬ АРАИОН АҞНЫ 10-МЫЗ РЫЛА ИААРԤШУП 35 АМАИНИНГ-ФЕРМАҚӘА.

Аԥшьаша, 18 Абҵара 2021 15:32 73

Аҟәа. Абҵарамза 18, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Гәылрыҧшь араион алархәны имҩаҧигаз аилатәара аҿы араион ахада акриминогентә ҭагылазаашьа азы адырра ҟаиҵеит. 

Ҳазҭоу ашықәс жәамз рыла Гәылрыҧшь араион иахьаҵанакуа ашәҟәы иҭагалахеит 51 цәгьоура, иаартуп 48. Ацәгьоура бааҧсқәа 12 рҟынтәи иаартуп 10. Абри азы Гәылрыҧшь араион ахада адырра ҟаиҵеит Аҳәынҭқарра Ахада араион актив алархәны имҩаҧигаз анҭыҵтәи аилатәара аҿы.

Иҳаҩсыз ашықәс иаҿырҧшны уахәаҧшуазар, ҳазҭоу ашықәс азы ашәҟәы иҭагалоу ацәгьоурақәа аантәы еиҵахеит, убри аамҭазы ацәгьоурақәа раартра 0,9% рыла еиҳахеит.

Аҧхынтәи акурорттә аамҭахәҭа азы Гәылрыҧшь арион аҿы аҧсшьаҩцәа рганахьала ацәгьоура аҭыҧ амаӡамызт.

Анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа реикәыршара активла аҿагылара мҩаҧысуеит. Анаркотикқәа рыдкылара азы Аҧсны агәабзиарахьчара Аминистрра иатәу анаркологиатә диспансер ахь инаган 302-ҩык. 

Араион аҿы аҳсабырбатә аамҭахәҭа азы имҩаҧысит 31 амҩа-транспорттә хҭыс, иҭахеит 7-ҩык ауаа, ахәахәа-жьахәарақәа роуит 27- ҩык.

Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәа 232-ҩык ижәны амашьына аҧсҟа ахьыркыз азы ахараҧса рықәырҵеит.

Гәылрыҧшь араион аҿы, ареспублика егьырҭ араионқәа рҿы еиҧш, акриптовалиутақәа изакәанымкәа рырҳара аҿагылара азы аштаб аҧҵан. Убас, ҳазҭоу ашықәс 10- мыз рыла  иаарҧшхеит 35 инарзынаҧшуа амаининг-фермақәа, ирымхуп – 1815 цыра иҷыдоу аиқәыршәагақәа.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 20:02