Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА: ҲАРА ЗЕГЬЫ ИБЗИАНЫ ЕИЛАҲКААУАЗАРОУП, ИХАДОУ АДОКУМЕНТ АНОРМАҚӘА РЫҚӘНЫҞӘАРАДА ИШЗЫҞАМЛО АҬЫШӘЫНТӘАЛАНЫ ИҾИО ҲҲӘЫНҬҚАРРА АԤЕИԤШ».

Ахәаша, 26 Абҵара 2021 09:00 764

Аҟәа. Абҵарамза 26, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш инамаданы ауаажәларрахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

«Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар!

Ишәыдысныҳәалоит аҳәынҭқарратә ныҳәа – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа амш. 

1994 шықәса абҵарамза 26 рзы иналукааша ҳҳәынҭқарра аԥыза ду Владислав Арӡынба напхгара ззиуаз Аԥсны Ареспублика Иреиҳаӡоу Асовет 1999 шықәса жьҭаарамза 3 рзы имҩаԥысыз жәларызегьтәи ареферендум ақәшаҳаҭхарала иаднакылеит ҳтәыла Азакәан хада. 

Аконституциа – аҳәынҭқарра ашьақәгылареи аҿиареи уасхырс иазышьҭоуп.

Ҳара ҳ-Конституциа адкылара мҩаԥысуан аамҭа хьанҭақәа раан, аха убас шакәугьы, Адокумент идемократиатәу, изинтәу аҳәынҭқарра аҿиаразы зыда ԥсыхәа ыҟам аԥҟарақәеи анормақәеи агәылалеит. Аконституциа адкылара даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәеит Аԥсны жәлар хьаҳәа-ԥаҳәарада ихьыԥшым, исуверентәу аҳәынҭқарра аргылара хықәкыс ишрымаз, ари амилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҟны акырӡа зҵазкуа рыцхәынгьы иҟалеит.

Аконституциа анрыдыркылаз аахыс 27 шықәса ҵит. Ари аамҭа аҩныҵҟала ҳтәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш зыӡбо ахҭыс ҟалеит. Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверенитет азхарҵеит Урыстәылатәи Афедерациеи Еиду амилаҭқәа Реиҿкаара иалахәу аҳәынҭқаррақәа жәпаки.

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, ҳара зегьы ибзианы еилаҳкаауазароуп, Ихадоу Адокумент анормақәа рықәныҟәарада ишзыҟамло иҭышәынтәаланы иҿио ҳҳәынҭқарра аԥеиԥш. Шәара ишыжәдыруа еиԥш, аҳәынҭқарратә мчхареи Анапхгараҭареи рсистема аиҭакра иазку Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахь арҽеирақәа разырхиара хықәкыс иҟаҵаны иаԥҵоуп, аус ауеит Аконституциатә еиҭакрақәа рзы акомиссиа. 

Иазгәаҭазар сҭахуп аконституциатә еиҭакрақәа ҳҳәынҭқарра ашьаҭақәа рырӷәӷәара излазку ала ари аусураҟны даара агәҽанызаара шаҭаху. Иара убас инаҵшьны исҳәарц сҭахуп ҳтәыла Адокумент Хада ԥыжәара аҭараан хәдықәҵара ҟазҵо Аконституциатә Ӡбарҭа аусура иамоу аҵак ду атәы.

Акыр иаԥсоу ҳтәылауаа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ихадароу аԥҟарақәеи аԥринципқәеи рықәныҟәара атәыла аҩныҵҟа аҭышәынтәалара еиԥш, ҳҳәынҭқарра амчреи жәларбжьаратәи аренаҟны апозициақәа рырӷәӷәареи рзы зыда ԥсыхәа ыҟам ауп. 

Сара агәра згоит ҳамчқәа еибыҭаны ҳ-Аԥсадгьыл аизҳазыӷьара алзыршо ҳхықәкқәа рынагӡара шҳалшо!

Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар, абри аныҳәамш аҽны ишәзеиӷьасшьоит аҭынч ԥсҭазаара, аҿиара!

Нагӡара ақәзааит Аԥсны Аҳәынҭқарра!» 

Last modified on Ашәахьа, 29 Абҵара 2021 19:57