Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ӠЫГӘҬА АҚЫҬАН АЦҲА ҾЫЦ ДЫРГЫЛОИТ.

Аԥшьаша, 25 Абҵара 2021 11:21 675

Аҟәа. Абҵарамза 25, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  Аҟәа араион ахь аусуратә ҭаара мҩаԥигоит. Уи ари аҭаара аҿы ицуп атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа. Аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны иахәаԥшит Ӡыгәҭа ақыҭан автомашьынатә цҳа аргылара шымҩаԥысуа.

Алхас Ҷыҭанаа ари аобиект ақыҭауаа рзы аҵак ду аҵоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Уи аргылара хацыркын ԥхынгәымза азы, араион абиуџьеҭ ахарџь ала имҩаԥысуеит. Азеиԥшргыларатә усурақәа иартәоит 4,9 млн. мааҭ. «Амш бзиақәа ҳақәшәар, аусурақәа ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа рхыркәшара азԥхьагәаҭаны иҳамоуп», - ҳәа иҳәеит иара.  

Зынӡа ақыҭа ари аганахьала инхоит 12 ҭаацәара. Амшцәгьақәа раан аӡы хыҵуеит, уаагьы ақалақь ахь изымцо- изымаауа иаанхоит.  

Алхас Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, Ӡыгәҭа ақыҭа аҿы 2018 шықәсазы иҟаз амшцәақәа ирыхҟьаны ари ацҳа еилыбгахьан. Иахьатәи амш азы ашьаҟақәа шьақәыргылоуп аҟәарахьчаратә усурақәа мҩаԥысуеит.

Аслан Бжьаниа ақыҭаԥҳәыск длыҿцәажәеит.  

Уи агәыӷра аалырԥшит ари ацҳа аамҭа кьаҿ иалагӡаны ишышьақәыргылахо азы, избан акәзар уи аҟамзаара акыр ауадаҩрақәа рызцәырнагоит ари ақыҭа ауааԥсыра.

Уи иара убас хыхь еиҳа еиҵоу ацҳагьы шыҟоу, уигьы аиҭашьақәыргылара шаҭаху азгәалҭеит.

Араион ахада иажәақәа рыла, аҩбатәи ацҳа аиҭашьақәыргылара аҩбатәи аетап ала амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп. Автомашьынатә цҳа аргылара - аԥхьа иҟаҵатәу, акырӡа ихадоу хыдҵаны иҟоуп, ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Аҳәынҭқарра Ахада 2022 шықәса анҵәамҭанӡа аҩбатәи ацҳагьы еиҭашьақәыргылахоит ҳәа иазгәеиҭеит.

Маҷ-маҷ, шьаҿа-шьаҿала шәыпроблемақәа рыӡбара алыршахоит», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьанаиа.

Иара убас Аҳәынҭқарра Ахада Баслаҭа ақыҭагьы даҭааит. Араҟа Аинвестициатә Программа аҳәаақәа ирҭагӡаны Адыгеиантәи хатәгәаԥхарала иааны Аԥсны еибашьуаз Адам Хәуаде ихьӡ зху амҩаду аҿы километрак инарзынаԥшуа акаҭран шьҭарҵеит. Зынӡа ари амҩала игылоуп 50 ҩны. Ахарџьынҵа ала аусурақәа рыхәԥса - 4,9 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, уи акорректировка иахысрангьы иҟоуп.  

 

 

Last modified on Ашәахьа, 29 Абҵара 2021 19:51