Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АИҲАБЫ АԤСНЫТӘИ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ТЕЛЕРАДИОЕИЛАХӘЫРА АԤҴАРА АМШНЫҲӘА ИНАМАДАНЫ АДНЫҲӘАЛАРА ҞАИҴЕИТ.

Асабша, 06 Абҵара 2021 12:36 126

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра аколлективи уи анапхгаҩы Ирина Агрбеи Ателерадиоеилахәыра аҧҵара Амш рыдиныҳәалеит. 

Адныҳәалара аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Ирина Шьоҭа-иҧҳа! Ҳаҭыр зқәу Аҧсны аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра аусзуҩцәа!

Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи ишәыдысныҳәалоит Аҧсуа Телерадиоеилахәыра аҧҵара Амшныҳәа. Абҵарамза 6, 1978 шықәса акыр зҵазкуа хҭыс аҳасабала Аҧсны аҭоурых ианылеит.

Ирина Шьоҭа-иҧҳа! Амедиаҵакыра аҿы шәусура ала шәара аҭыҧантәи ателехәаҧшра аҿиара аҿы шәлагала дууп. Ишәымоу азанааҭтәии анапхгараҭаратәи аҧышәа дууи ахықәкынагӡареи активра злоу ауаажәларратә позициеи  иҭбаау аинтересқәеи рыла шәалкаахоит. 

Ҳаҭыр зқәу Ателерадиоеилахәыра аусзуҩцәа! Агәра ганы ҳаҟоуп ателехәаҧшра аусзуҩцәа аринахысгьы иҳараку азанааҭтә дырра аҩаӡара шаадырҧшло, актуалра злоу адырраҭарақәа шаҧырҵо, асоциалтә ҵакы змоу, акрызҵазкуа асиужетқәа рырбара шалдыршало, даара аинтерес зҵоу ателепроектқәа шаҧҵахо. 

Аҧсны аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра аусзуҩцәеи аветеранцәеи зегьы агәабзиара, агәамч, аизҳазыӷьара, аринахысгьы ақәҿиарақәеи аихьӡара дуқәеи рзеиӷьаҳшьоит».

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 11 Абҵара 2021 19:10