Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АҞАРМАРА ИРЫԤШААИТ АԤСНЫ АТӘЫЛАУАҨ ИԤСЫБАҨ.

Ахәаша, 05 Абҵара 2021 12:39 161

Аҟәа. Абҵарамза 5, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Абҵарамза 4, 15 сааҭи 18 минуҭи рзы Ҭҟәарчал ақалақь аҧыҧшырҭа-ҧсеиқәырхаратә хәҭа ахь Аҟармара аҳаблаҿы ацаҟьақәа руак ашьапаҿы ареспублика ауаҩы иҧсыбаҩ рыҧшааит ҳәа адырра ҟалеит.

Анаҩс ишеилкаахаз ала ,уи 1961 шықәса рзы ииз Аҧсны атәылауаҩ иоуп, ҳәа иаанацҳауеит Аҧсны Аҳәынҭқарра иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҧсыбаҩ агәаҭараан ишьақәыргылан, ауаҩы иҧсра мчыбжьыки бжаки раҧхьа ишыҟалаз. Заанаҵтәи аверсиа ала,уи ацаҟьа далҟьеит.

Аҧсеиқәырхаҩцәа иҭахаз иҧсыбаҩ иуацәа ирырҭеит. Иарбоу афакт ала аусеилыргара мҩаҧысуеит. 

Last modified on Аԥшьаша, 11 Абҵара 2021 19:06