Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТР ГАГРА АРАИОН АМЕДИЦИНАТӘ УСБАРҬАҚӘА РАХЬ АИНСПЕКЦИАТӘ НЫҞӘАРА МҨАԤИГЕИТ.

Аҩаша, 26 Жьҭаара 2021 22:11 169

Аҟәа. Жьҭаарамза 26, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Гагра араион ашҟа аусуратә ныҟәара мҩаԥигеит. Уи араҟа иҟоу амедицинатә усбарҭақәа рҭагылазаашьа гәеиҭеит.

Иахьа Гагра араион Ахада Иури Ҳагәышь инапы зҵаиҩыз адҵа ала, Индира Арсалиа Гагра араионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хадас дҟаҵоуп.

Едуард Быҭәбеи Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыци Индира Арсалиа илыдныҳәалеит, анаҩстәи лусура аҿы ақәҿиарақәа лзеиӷьаршьеит.  

Индира Арсалиа илоуз агәрагара азы иҭабуп лҳәеит, аколлектив зегьы ацхыраарала ҳтәылауаа иахәҭоу амедицинатә цхыраара рыҭара азы илылшо зегьы шыҟалҵо азгәалҭеит.   

Агәабзиарахьчара аминистр ахәҭакахьала ауалафахәы ашьҭахра, акадрқәа разымхара, уҳәа ирызкны ахәышәтәырҭа аколлектив рҟынтәи иоуз азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.

Аҳақьым хада Индира Арсалиа иарбоу амедицинатә усбарҭа апроблемақәа рыхәҭак араион Ахадара ала аӡбара мҩаԥысуеит ҳәа иазгәалҭеит.  

«Ахәышәтәырҭа аҭеиҭыԥш арҽеира, иахәҭоу аиқәыршәагақәа рыла реиқәыршәара,  автопарк ахарҭәаара, - арҭ азҵаарақәа рҿы ҳара иҳацхраауеит араион Ахадара. Аха атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра аганахьала ҳара зегьы реиҳа ихадоу аҿы адгылара ҳҭахуп. Уи, ахәҭакахьала ареаниматологцәа, ахирургцәа, акушерцәа, атерапевцәа, апедиатрцәа, уҳәа аспециалистцәа разымхара ауп», - ҳәа илҳәеит Индира Арсалиа.  

Едурад Быҭәба атәыла анапхгареи агәабзиарахьчара Аминистрреи, акоронавирустә ҿкы чымазара алаҵәара инамаданы иҟоу ауадаҩрақәа шмаҷымгьы, амедицинатә усбарҭақәа ихымԥадатәиу аиқәыршәагақәа рыла реиқәыршәареи, автопаркқәа рхарҭәаареи, руадақәа реиҭашьақәыргылареи аҿы ацхыраара ҟанаҵоит. Иара убас аспециалистцәа разыҟаҵара  аганахьала аусура мҩаԥысуеит.

«Ари зегьы ҳтәылауаа аҳәаанырцә акәымкәа ртәылаҿы рҽырхәышәтәларц азы ихымԥадатәиуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит агәабзиарахьчара аминистр.

Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы араион Ахадара ахарџь ала ҩ-ҟәшак – ареанимациатәи адкыларатәи шьаҭанкыла реиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит.

Ахәышәтәырҭа аҿы аковидттә ҟәша азы аҵәыҵәритә станциа аус ауеит, уи 24 - ҩык апациентцәа аҵәыҵәри ала реиқәыршәара алшоит. Ахәышәтәырҭа аҿы афымцамч андырцәо ахәышәтәырҭа лашарада иаанымхарц азы рхы иадырхәо афымцагенератор шьақәыргылоуп.

Едуард Быҭәба ПЦР-лабораториа даҭааны игәеиҭеит. Араҟа мышкала имҩаԥыргоит 100 инарзынаԥшуа аҭҵаарақәа, аха  ианаҭахха азы   200-ҩык рзы аҭҵаарақәа рымҩаԥгарагьы алшоит.

Атәыла агәабзиарахьчара аминистр иара убас Гагратәи амедицинатә ҵараиурҭа даҭааит, астудентцәа дрыҿцәажәеит.

«Шәара ҳара ҳаԥхьаҟа ҳгәыӷрақәа здаҳҳәало шәоуп - ҳаԥхьаҟа иҳақьымхараны иҟоу ҭакԥхықәрала шәҵара шәазнеилароуп.  Шәара имариам азанааҭ алышәхит. Аԥсны уажәы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аспециалистцәа разымхара ыҟоуп. Шәара урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы аҵара шәҵарц шәҭахызар агәабзиарахьчара Аминистрра ацхыраара шәынаҭоит, аха усҟан шәара шәҵара хыркәшаны шәыԥсадгьыл ахь шәгьежьны шәыуаажәлар реизҳазыӷьара азы аус шыжәуло азы агәрагара ҳамазароуп», -   ҳәа иҳәеит Едуард Быҭәба.

Аҵараиурҭа анапхгаҩцәа аминистри ЮНИСЕФи аҵаратә процесс аҿы акыр ихымԥадатәиу ҳаамҭа иақәшәо алабҿабатәи ацхыраагӡақәа раҳасабала ироуз ацхыраара азы иҭабуп рҳәеит.   

Иахьатәи амш азы иарбоу амедицинатә ҵараиурҭа аҿы аҵара рҵоит 104-ҩык астудентцәа.  

Аусуратә ҭаара ахыркәшамҭаз аминистр Пицундатәи ахәышәтәырҭа даҭааны уаҟа иҟоу аҭагылазаашьа гәеиҭеит.

Ари ахәышәтәырҭа аҿы ихадоу ауадаҩрақәа ҩба ыҟоуп -  уи ҳаамҭа иақәшәо ирласу амедицинатә цхыраара амашьынеи арентген-аппарати рыҟамзаара ауп.

Агәабзиарахьчара Аминистрра ахада ахәышәтәырҭа аҿы раԥхьаӡа иргыланы арентгенн-аппарат шаҭаху азы дақәшаҳаҭхеит, уи аахәаразы алшарақәа шыԥшаахо иҳәеит.  

«Ирласу амедицинатә цхыраара амашьына аахәара азҵаарагьы ӡбахоит, аха уи маҷк иадамзаргьы аамҭа аҭаххоит», - ҳәа иҳәеит Едуард Быҭәба.

Аминистр арентгенн-аппарат азы ауада аиқәаршәара азы адҵа ҟаиҵеит. Уи аиҭашьақәыргылара аҿы араион Ахадара ацхыраара ҟанаҵоит.  

 

 

Last modified on Ахаша, 27 Жьҭаара 2021 19:38