Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

57 АВЕТЕРАНЦӘА АԤСНЫ ИҞОУ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АЦҲАРАЖӘҲӘАРҬА АҞЫНТӘИ АЦХЫРААРА РОУИТ.

Аҩаша, 26 Жьҭаара 2021 16:43 193

Аҟәа.  Жьҭаарамза  26, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа Аԥсны есымша инхо 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәеи урҭ  ираҟараны иԥхьаӡоу арратә хҭысқәа рылахәылацәеи хықәкылатәи ацхыраара рыҭара иазкны акампаниа амҩаԥгара хдыркәшеит. Аветеранцәа адгылара рыҭара азы аусмҩаԥгатәқәа ркомплекс Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара акоронавирустә ҿкы чымазара ахҟьаԥҟьақәа рырмаҷра иазкны иаднакылаз аӡбамҭа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуан.

Акампаниа амҩаԥгараан афатә-ажәтә, иара убас ахәшәқәа, амедицинатә приборқәа, уҳәа рыла еибыҭаз аматериалтә цхыраара рыҭара мҩаԥган. Џьоукы-џьоукгьы рыҩнқәеи руадақәеи рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган.

Акциа хацыркын жьҭаарамза 15 рзы, уи амҽханакит Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Гәылрыԥшь араионқәа. Зынӡа хықәкылатәи ацхыраара роуит 57-ҩык, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа.  

 

 

Last modified on Ахаша, 27 Жьҭаара 2021 13:24