Поиск по слову

Категории

Календарь

« Мшаҧы 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30          

АИБАШЬРА АВЕТЕРАНЦӘА АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТР ЗЫԤШРА ҞАМҴАӠАКӘА ИАМХРА АЗЫ АДҴА ЫҚӘДЫРГЫЛЕИТ.

Аԥшьаша, 21 Жьҭаара 2021 16:16 213

Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.   1992-1993 шш. Аԥсны  Аџьынџьтәылатәи еибашьра гәыԥҩык аветеранцәа аԥшьаша, жьҭаарамза  21 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа Рассоциациа аплошьадка аҿы имҩаԥгаз абрифинг аҿы гәыԥҩык аветеранцәа апротесттә акциа амҩаԥгараз аҽазыҟаҵара ишалаго азы аҳәамҭа ҟарҵеит.    

Абрифинг рхы аладырхәит аибашьра аветеранцәа  Зураб Кокаиеи Дмитри Абыхәбеи  Апарламент адепутат Гиви Кәарҷиеи. Урҭ цәыббрамза  30 рзы     Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы иҟалаз аинцидент ашьҭахь атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар зыԥшра ҟамҵакәа иамхразы адҵа ықәдыргылеит.

Жәлар Реизара – Апарламент адепутат Гиви Кәарҷиа дзыԥхьаз аҳәамҭа атекст аҿы Аӡҩыбжьа ақыҭауаа иахьанӡа атәыла аҿы уеизгьы иуадаҩу аҭагылазаашьа еиҳагьы аибарххара ацәцара азы аибашьра аветеранцәеи Апарламент адепутати рыԥҟара иадҳәалоу ари ахҭыс аполитикатә ҟазшьа аҵаҵара рҭахӡамызт ҳәа иазгәаҭоуп. «Аха уи ашьҭахь иҟалаз ахҭысқәа урҭ аполитикатә хырхарҭа мацарала ишахәаԥштәу ҩаԥхьа идырҵабыргоит. Жьҭаарамза 4 рзы Аҳәынҭқарра Ахада амилициа аҟынтәи изакәанымкәа ааха зауз итәылауаа апрокурортә усеилыргара ада иара уаҳа илегитимтәу инструмент имам ҳәа ианреиҳәоз аамҭазы, атәыла анапхгара инанагӡо аполитика  иадгыло апартиақәа ҩба Апарламент адепутат Гарри Кокаиа ихымҩаԥгашьа иақәыӡбо, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар дфырхаҵазтәуа ааԥхьара атекст аиқәыршәара иаҿын», - ҳәа инаҵшьны иазгәаҭоуп иарбоу аҳәамҭа аҿы.

Аветеранцәа Рхеилак аҿы Аҳәынҭқарра Ахада ишәарҭоу ацәгьаршра, апровакациақәа, атәыла  аҩныҵҟа аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара шьақәзырҟьо амҩа дықәгылеит ҳәа агәаанагара ыҟоуп.

«Апрокурор Хада ауаажәларразы ишәарҭоу ацәгьоуразы ахара здиҵаз аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа иахьа уажәраанӡагьы иаанкылаӡам, џьара акала ахьырхәра иақәыршәаӡам.  Адепутат Гарри Кокаиеи иарбоу ахҭыс иадҳәалаи Алмасхан Арӡынбеи русқәа оперативла Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аҿы ахәхаԥшра мҩаԥысуеит, анаҩс уи адепутаттә кьымсразы астатус амхразы абжьгарақәа Апарламент ахь идәықәнаҵоит. Ас еиԥш аусқәа реишьҭагылашьа аганқәа реиҿаргылареи, знык ала урҭгьы егьырҭгьы рықәгара хықәкыс измоу апровакациа ауп иаанарԥшуа», – ҳәа аветеранцәа Рхеилак иҟанаҵаз ааԥхьара атекст аҟынтәи ацитата аанагоит Аԥсны Sputnik.

Аветеранцәа Аҳәынҭқарра Ахада Дмитри Дбар аминистр имаҵураҭыԥ аҟынтәи иамхра азы аӡбамҭа идимкылар Аветеранцәа Рхеилак апротесттә акциа амҩаԥгара аҽазыҟаҵара ишалаго азы агәҽанызаара ҟарҵоит.

Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәеи Апарламент адепутат Гарри Кокаиеи Аӡҩыбжьа ақыҭантәи аибашьра аветеранцәеи алархәны иҿиаз арезонанстә конфликт цәыббрамза  30 Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы адепутат аҳауахь данхыс ашьҭахь иҟалеит.  Иара убри ауха, иарбоу аинцидент ашьҭахь, аусеилыргара аверсиа ала, адепутат Алмасхан Арӡынба имаҵуратә машьынала атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахыбра аҿаԥхьа днеины  Калашников  иавтомат ала 20 –нтә дхысит.  

Жьҭаарамза 11 рзы апрокурор Хада Адгәыр Агрба Апарламент аҿы адепутатцәа рҿаԥхьа дықәгылауа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩцәа Ирласу анырра азы иҷыдоу агәыԥ акомандаҟаҵаҩ Рашь Ҵәыџьбеи  уи ихаҭыԥуаҩ Дадын Чачхалиеи рганахьала Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 288 ахәҭа 3, апункт «А» инақәыршәаны (амч ахархәарала, ма уи ахархәаразы ашәарҭара аманы амаҵуратә зинмчы ахысра) аусеилыргара хацыркуп. Ари ахәҭаҷ иазԥхьагәанаҭоит 5 шықәса инаркны 10 шықәсанӡа аҭакра, ҳәа иҳәеит.  

Иара убри аҽны Аӡҩыбжьа ақыҭа ахаҭарнакцәа, ааха зауз аветеранцәеи урҭ рыдгылаҩцәеи аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри цәыббрамза 30, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы иҟалаз иарбоу аинцидент иалахәыз азинхьчаратә усбарҭақәа  егьырҭ аусзуҩцәеи рамхара азы адҵа ахьықәдыргылаз амитинг мҩаԥыргеит, анаҩс Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа ахь рхаҭарнакцәа рышьҭит. Аҳәынҭқарра Ахада усуратә визитла Москваҟа дахьцаз инамаданы, Аӡҩыбжьа ақыҭа ахаҭарнакцәа идикылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Алхас Кәыҵниеи злахәыз аиԥылара аҿы цәыббрамза 30 рзы Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы иҟалаз аинцидент акәша-мыкәша иҭышәынтәалоу аҭагылазаашьа ахьчара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Ихҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи иколлегацәеи Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москваҟа иусуратә ҭаара аҟынтәи ихынҳәра ашьҭахь апрокуратура Хада аматериалқәа рыла идикыло аӡбамҭа иазыԥштәуп ҳәа игәаанагара иҳәеит. 

Жьҭаарамза 12 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа ахь апрокурор Хада иҟынтәи цәыббрамза 30 рзы Аҟәа ақалақь иҟалаз ахҭыс аан Апарламент адепутатцәа Гарри Кокаиеи Алмасхан Арӡынбеи рхымҩаԥгашьа аҿы ацәгьоура аҟазшьақәа амазаара рышьақәыргылара азы аусдгалара нашьҭын. 

Жьҭаарамза 18 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аколлегиа Гарри Кокаиа ихымҩаԥгашьа ацәгьоура аҟазшьақәа аныԥшуеит ҳәа алкаа ҟанаҵеит.  Лииа Адлеиба, Роман Кәарҷиа, Есма Қорсаиа зеилазаараҿы иҟоу Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аӡбаратә коллегиа, жьҭаарамза  18, 2021 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокурор Хада Адгәыр Агрба Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Гарри Кокаиа иганахьала иҟаиҵаз  аусдгалара ишақәшаҳаҭу азы аӡбамҭа рыдыркылеит. 

Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр Агрба иҟаиҵаз адырранҵа ала, цәыббрамза 30 ауха Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы иҟалаз аинцидент ала Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Гарри Кокаиа ихымҩаԥгашьа  Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 207 ахәҭа 1 (амбжьахра), ахәҭаҷ   321 ахәҭа 1 (амчра ахаҭарнак ихьӡ аларҟәра, ишакум изныҟәара) инақәыршәаны ацәгьоура аҟазшьақәа аныԥшуеит.  

 

Last modified on Амҽыша, 24 Жьҭаара 2021 13:19