Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АБАЗАТӘИ АУЛ ԤСЫЖ АҾЫ АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА – АПАРЛАМЕНТ АИҲАБЫ ВАЛЕРИ КӘАРҶИА ИНАУКАТӘ УСУМҬАҚӘА РЕИЗГА АӠЫРГАРА МҨАԤЫСИТ.

Аԥшьаша, 21 Жьҭаара 2021 19:17 193

 Аҟәа. Жьҭаарамза 21, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭарамза 21 рзы Ҟарачы-Черкессиатәи Ареспублика аул Ԥсыж аҿы Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы, афилологиатә наукақәа ркандидат Валери Кәарҷиа аԥсуааи абазааи рҭоурыхи рбызшәеи ирызку инаукатә усумҭақәа реизга аӡыргара мҩаԥысит.    

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Ҟарачы-Черкессиатәи Ареспублика акультура аминистр Зураб Агирбов, ҞЧА Анапхгара аҟны иҟоу агуманитартә ҭҵарақәа Ринститут адиректор  Рамазан Тхагапсов, аинститут аусзуҩцәа, аветерантә еиҿкаара, аинтеллигенциа, ауажәларра рхаҭарнакцәа.

Валери  Кәарҷия иара убас Ҟарачы-Черкессиатәи Ареспублика Абазатәи амуниципалтә раион Администрациа ахада Руслан Кужев диԥылеит.  

Аԥснытәи апарламенттә делегациа иалахәыз Вадим Бжьаниа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Валери Кәарҷиеи Руслан Кужеви реиԥылара аԥхара зҵоу аиҩызаратә ҭагылазаашьаҿы имҩаԥысит.

 

Last modified on Амҽыша, 24 Жьҭаара 2021 11:53