Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ЖЬҬААРАМЗА 8 - 9 РЗЫ АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСЛОИТ ХIХ АФЕСТИВАЛЬ «ХЬЫБЛА ГЕРЗМАА ИААЛЫԤХЬОИТ…»

Ахәаша, 08 Жьҭаара 2021 17:22 250

Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭаарамза 8 – 9 рзы Аҟәа ақалақь аҿы ХIХ Афестиваль «Хьыбла Герзмаа  иаалыԥхьоит…»  аҳәаақәа ирҭагӡаны адунеизегьтәи аопертә сценна апримадонна, Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Герзмаа лсолотә концертқәа ҩба мҩаԥысраны иҟоуп.  Аконцертқәа мҩаԥгахоит Ф.Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр асцена аҿы.

Аконцертмеистер  Екатерина Ганелина.

Афестиваль амҩаԥгара нанҳәамзазы иазԥхьагәаҭан, аха иуадаҩыз асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны уи аҽҳәара анаскьареи апрограмма аиҭакрақәа алагалареи аӡбамҭа рыдыркылар акәхеит.  

«Нанҳәамза 13  рзы афестиваль «Хьыбла Герзмаа иаалыԥхьоит …» аҳәаақәа ирҭагӡаны Пицундатәи аныхабаа Аҳәынҭқарратә концерттә зал аҿы адунеизегьтәи аопертә сценна апримадонна, Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Герзмаа, аорӷанрҳәаҩы Фиодор Строганов  злаху аорӷантә музыка ахәылԥаз мҩаԥгахоит. Нанҳәамза 15 рзы Ф. Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә Аурыс драматә театр аҿы Хьыбла Герзмаа, адирижиор Валентина Уриупина лнапхгарала Аҳәынҭқарратә камертә оркестр «Виртуозы Москвы» злаху аконцерт ҩаԥысраны иҟоуп.

Аконцертқәа мҩаԥигоит Иулиан Макаров», — ҳәа лаҵарамзазы адырра ҟанаҵон Аԥсны акультура Аминистрра.  

 

 

Last modified on Ахәаша, 08 Жьҭаара 2021 17:24