Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АԤСАБАРАХЬЧАРАТӘ ПРОКУРАТУРА АГӘАҬАРАҚӘА МҨАԤНАГЕИТ.

Ахәаша, 08 Жьҭаара 2021 16:51 262

Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны абнатә нхамҩа азы  Аҳәынҭқарратә усбрҭа аусура анагӡараан Аԥсны аԥсабарахьчаратәи егьи азакәанԥҵареи ишақәныҟәо азы иазԥхьагәаҭаз агәаҭара хыркәшахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апрокуратура Хада аофоциалтә саит.

Агәаҭара алҵшәақәа рыла, абнатә нхамҩа азы аҳәынҭқарратә Усбарҭа ахь «Аԥсны Аҳәынҭқарра абнатә закәанԥҵара аилагарақәа рзы» Азԥхьанагра ҟаҵан.  

Абнатә нхамҩа азы аҳәынҭқарратә Усбарҭа аҟынтәи иааз аҭак ала, абнатә нхамҩақәа зегьы рдиректорцәа лахь рыҭоуп, иара убас апрокурор иҟынтәи инашьҭыз Азԥхьанагара иарбаз агхақәа рырҽеиразы инагӡоу ауснагӡатәқәа рзы шәҟәыла еиқәыршәоу аҳасабырба  аҟаҵаразы адҵа рыҭоуп.

Имҩаԥгоуп иара убас аминералтә ӡқәеи аӡрыжәтәи реихтара азы анаплакқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа, асанитартә нормақәа рынагӡара, иара убас иарбоу анаплакқәа ралыҵ аҳәынҭқарратә стандарт ишрықәшәо агәаҭара.    

Уи алҵшәақәа рыла, Гагра, Гәдоуҭа, Гәылрыԥшь, Ҭҟәарал араионқәеи Аҟәа ақалақьи  рҿы аус зуа асанитартә епидемиологиатә Станциақәа рҳақьым хадацәа «Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра рсанитар-епидемиологиатә еизҳазыӷьара иазку аусхкы аҿы азакәанԥҵара аилагара азы» адырранҵа рзынашьҭуп.   

Аҳәынҭқарратә наукатә усбарҭа «Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аботаника Аинститу» аусура анагӡараан Аԥсны аԥсабарахьчаратәи егьи азакәанԥҵареи ишақәныҟәо азы агәаҭара алҵшәақәа рыла,  убасҵәҟьа Аинститут адиректор ихьӡала «Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥсабарахьчаратәии асанитар-епидемиологиатәи азакәанԥҵара аилагара азы» Азԥхьанагара нашьҭуп.  

 

Last modified on Ахәаша, 08 Жьҭаара 2021 16:53