Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

БЕСЛАН ҲАЛУАШЬ: VPN АЛА АМАИНИНГ АЗЫ АСАИТҚӘА РҞЫНӠА АНАӠАРА ЗАЛЫРШАХОМ.

Аԥшьаша, 07 Жьҭаара 2021 21:29 201

Аҟәа. Жьҭаарамза 7, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аимадареи амассатә коммуникациақәеи ацифратә ҿиареи рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы амаинерцәа рзы Аинтернет ахь анаӡаразы аԥкрақәа рыҽҳәара иацнаҵеит. Аимадаразы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь жьҭаарамза 6 рзы аԥкрақәа рыҽҳәара хәажәкырамза 31, 2022 шықәсанӡа ацҵара азы Адҵа инапы аҵаиҩит. Иарбоу Адҵа Аинтернет акаҭа аҿы абонентцәа рзы акриптовалиута арҳара иазку аусура анагӡара алзыршо административтә акқәас иҟоу аобластқәа реиԥштәра иазку асимволтә хьӡқәа, даҽакала иуҳәозар адоментә хьӡқәа, асаитқәа рдаҟьақәеи аинтернеттә каҭа аҭыӡҭаԥқәеи рхархәара аганахьала аԥкрақәа ралагалара аззԥхьагәанаҭоит. Аимадара аоператорцәа аинтернет аҿы адоментә хьӡқәа, асаитқәа рдаҟьақәеи аинтернеттә каҭа аҭыӡҭаԥқәеи аблокада рзура иазкны   ихымԥадатәиу атехникатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы азԥхьанҵа рыҭоуп.

Аԥсныпрес акорреспондент диҿцәажәо Беслан Ҳалуашь, амаининг аҿагылара аҿы аоператорцәа иҿыцу атехникатә ҩаӡара ахь ицәырҵуеит ҳәа адырра ҟаиҵеит. «Ари зынӡа иҿыцу атехникатә ҩаӡароуп.  Иаркхо иалагоит VPN. Ԥыхьатәи Адҵа аҿы уи арбаӡамызт, избан акәзар усҟан VPN аркразы атехникатә лшара ыҟаӡамызт. Уажәы ҳара аиқәыршәага ҿыцқәа ҳауит, уи ҳара хыхь иарбоу акриптовалиута арҳара иадҳәалоу аусура аҿагыларазы ихымԥадатәиу еиҳау атехникатә ҩаӡара ахь ҳкылнагоит», – ҳәа иҳәеит Беслан Ҳалуашь. Уи ишазгәеиҭаз ала, аимадара аоператорцәа ртехникатә еиқәыршәара иадҳәалоуп ԥыхьатәи Адҵа аҽҳәара ацҵара аганахьала иҟалаз аиԥҟьара. Уи аҽҳәара нҵәеит ԥхынгәымза 1, 2021 шықәса азы.  Аха, аимадара азы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы игәаанагарала, атехникатә анамӡара шыҟазгьы, актәи Адҵа ҳәарада аеффект аҵан. «Актәи Адҵа уаанӡа иҳамаз атехникатә ҩаӡара аҿы ицәгьамкәа аус ауит ҳәа уҳәаратәы иҟоуп.  Уи иаман иалкаау аеффект, аха амаининг знапы алаку ауаа иҿыцу атехникатә ҩаӡара ахь ииасит, убри инамаданы ҳаргьы урҭ русура аҿагылара азы атехникатә еиҵахара ҳамамзароуп. Сара  еилыскаауеит, амаинерцәа аринахысгьы изакәанымкәа акриптовалиута арҳаразы уажәы иҿыцу амҩақәа рыԥшаара рҽазыршәашт.  Аха ҳаргьы ҳметодқәа  ртехникатә шьақәгылара реиӷьтәра ҳашьҭалоит», – ҳәа иҳәеит Беслан Ҳалуашь. Адҵа ҿыц ҭыжьуп, аоператорцәа зегьы амаининг аҿагылара аетап ҿыц алагалара техникала аҽазыҟаҵара иаҿуп. «Аоператорцәа иарбоу Адҵа инақәыршәаны азԥхьанҵа роуит.  Сара сгәаанагарала иарбоу аусура хара имгакәа иалагоит. Аоператорцәа техникала уи рҽазыҟарҵар ауп», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.

Аимадаразы Аҳәынҭқарратә Еилакы Адҵа хәажәкырамза 30, 2021 шықәса рзы аминистрцәа Реилазаара аҿы ирыдыркылаз «Ԥхынҷкәынмза 8, 2020 шықәса рзы Аминистрцәа Реилазаара аҿы ирыдыркылаз «Акриптовалиута арҳаразы аусура амҩаԥгара  иазку атауарқәа Аԥсныҟа раагареи афымцамч ахархәареи рзы аԥкрақәа ралагалара азы» Ақәҵара №137 аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы» Ақәҵара №35 инақәыршәаны иҭыжьуп.    

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 07 Жьҭаара 2021 21:31