Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА ВЛАДИМИР ПУТИН ИИРАМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ

Аԥшьаша, 07 Жьҭаара 2021 12:28 209

Аҟәа. Жьҭаарамза 7, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Иирамш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иҳәоуп: «Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иҧа!

Аҧсны Аҳәынҭқарра атәылауааи , анапхгареи рыхьӡала, хаҭала сыхьӡала,  гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш.

Шәара зиншьаҭала аҭоурыхтә ҵаки адунеитә мҽхаки змоу лидеруп. Шәара шәнапхгарала Урыстәыла амч ду змоу тәылоуп, аҭынчреи ашәарҭадареи рыхьчараҿы  жәларбжьаратәи азинқәа рыпринципқәа шьаҭас ирымоуп.

Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара ашәарҭадареи, асоциалтә-економикатә усеицзуреи, акультуратәи агәыҳалалратәи ҳасабтәқәеи рынагӡараҟны шәлагаламҭа дууп. Агәра згоит, ас еиҧш зышьаҭа ӷәӷәоу ҳажәларқәа реизыҟазаашьа есааира ишыӷәӷәахо.  Абри аҩыза аҵак ду змоу амш аҽны, Владимир Владимир-иҧа, гәыла-ҧсыла ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аҭакҧхықәра зцу аҳәынҭқарратә маҵзураҿы аихьӡара ҿыцқәа, аурыс жәлар зегьы - аҭынчреи, аизҳазыӷьареи».

Last modified on Аԥшьаша, 07 Жьҭаара 2021 12:31