Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ГӘЫДИСА АГРБА ДЫРМИТ ГӘЛИА ИХЬӠ ЗХУ АПРЕМИА АЛАУРЕАТЦӘА АДИПЛОМҚӘА РАНЕИШЬЕИТ.

Ахаша, 06 Жьҭаара 2021 16:45 197

Аҟәа. Жьҭаарамза 6, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 6 рзы акультура аминистр Гәыдиса Агрба алитература, аҟазара, архитектура аусхкқәа рҿы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху  Аҳәынҭқарратә премиа алауреатцәа аҳамҭақәа ранеишьеит.

Гәыдиса Агрба аҳәынҭқарра ареспублика аҿы аринахысгьы акультура аҿиара азы ихымԥадатәиу ауснагӡатәқәа зегьы ҟанаҵалоит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Аконкурс алахәылацәа, аиааира згаз зегьы рырҿиаратә гәазыҳәарақәа рынагӡареи аихьӡара дуқәеи рзеиӷьасшьоит», - ҳәа иҳәеит акультура  аминистр.

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа иалауреатцәахеит:

Белла Барцыц – Аԥсны сталинтәи арепрессиақәа ирылаӡыз ирызкны апублицистикатә усумҭақәа рсериа азы (аусумҭақәа реизга «Абаҭаа аццышәтәара»

Беслан Касланӡиеи Светлана Шаменковеи – Афонҿыцтәи абжьаратәи ашкол аиҭашьақәыргыларазы;

Денис Чачхалиа –  аизга «Поэзия отражений» (аиҭагақәа).

Алитература, аҟазара, архитектура аусхкқәа рҿы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа анашьара хы-шықәса рахь знык имҩаԥысуеит.

Last modified on Ахаша, 06 Жьҭаара 2021 16:47