Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АХАДА ГАГРА АХАҚӘИҬТӘРА АМШ АЗЫ АДНЫҲӘАЛАРА ҞАИҴЕИТ.

Ахаша, 06 Жьҭаара 2021 16:24 197

Аҟәа. Жьҭаарамза 06, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа гаграа, иара убас Аԥсны ауаажәларра Гагра ахақәиҭтәра ҟалеижьҭеи 29 шықәса аҵра амш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Гаграа, ҳаҭыр зқәу  ҳауаажәлар!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи Гагра ахы  иақәиҭтәуижьҭеи 29 шықәса аҵра амш. Ари арыцхә Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа рҿы  наунагӡа иаанхоит. Ахә ашьара уадаҩуп Арбџьар мчқәа Аиааира агараҿы ирылдыршаз. Ари ахҭыс ҟалеит 1992 шықәса, жьҭаарамза 6 рзы.  Уи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы аԥхьаҟатәи Аиааира агара иашьагәыҭхеит, ҳауаажәлар ргәамч шьҭнахит, аӷа ҳҿаԥхьа  дшымчыдаз шьақәнарӷәӷәеит.

Ҳхырхоит аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рҿаԥхьа. Афырхацәа ргәалашәара лаша еснагь иҳацуп, иҭабуп ҳәа раҳҳәоит анацәеи абацәеи, аамҭа уадаҩ иацыз аԥышәара ахысра зылшаз, агәаҟра ӷәӷәа зхызгаз.

Абри аныҳәа амш азы Гагра араион ауааԥсыра ирзеиӷьасшьоит аҿиара, аҭынчра, аизҳазыӷьара. Нагӡара ақәзааит Аԥсынра!"

Last modified on Ахаша, 06 Жьҭаара 2021 16:27