Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АПРОКУРОР ХАДА: ҲАРА АМҲАЏЬЫРАА РЫԤШАҲӘЕИ АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АҾАԤХЬЕИ ИҞАЛАЗ АИНЦИДЕНТҚӘА РЗЫ АЗИНТӘ ХҲӘАА АҞАҴАРАЗЫ 15-МШЫ ҲАЗХОИТ.

Ахаша, 06 Жьҭаара 2021 12:13 174

Аҟәа. Жьҭаарамза 4, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Апрокурор Хада Адгәыр Агрба  адепутатцәа ирзеиҭеиҳәеит цәыббрамза 30 рзы Амҳаџьыраа рыԥшаҳәа аҿы иҟалаз аинцидент азы аусеилыргара шымҩаԥысуа атәы.

«Сара сколлегацәа – апрокурорцәа, Амҳаџьыраа рыԥшаҳәеи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахыбра аҿаԥхьеи иҟалаз ахысра афакт ала аҭагылазаашьа азы адырра ҟазҵаз аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа еизызгеит. Аусеилыргаратә усбарҭа агәаҭарақәа мҩаԥнагоит. Аусура мҽхакы ҭбаала имҩаԥгоуп, аха уажәазы азинтә хәшьара аҭара азы алшара ыҟаӡам.  Хымш роуп аусеилыргаҩцәа аматериал аизгара иаҿууижьҭеи. Сгәаанагарала, даҽа маҷк иадамзаргьы аамҭа аҭаххоит аҵыхәтәантәи аихшьаалақәа рыҟаҵаразы. Ааигәа уи алыршахоит. Сгәыӷуеит уи 15-мыш ирҭагӡахап ҳәа», - иҳәеит Адгәыр Агрба.

Уи иара убас иахьа амилициа аусзуҩцәа, аибашьра аветеранцәа, Апарламент адепутат рхымҩаԥгашьа ахәшьара аҭара ииашахаӡом ҳәа иазгәеиҭеит.

Иарбоу аинцидент иалахәыз ауаа зегьы рхаҭара шьақәыргылоума ҳәа иҟаҵаз азҵаара аҭак ҟаҵо апрокурор Хада ишьақәыргылоуп ҳәа аҭак ҟаиҵеит.

«Аибашьра аветеранцәа рганахьала адепутат Гарри Кокаиа ицын 11 – ҩык, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аганахьала – 5-ҩык. Уи раԥхьа инеиз роуп. Ҳара авидеонаԥшра акамерақәа иҭырхыз аматериалқәа ҳамоуп», - ҳәа иҳәеит Адгәыр Агрба.  

Адгәыр Агрба иажәақәа рыла, аинцидент иалахәыз зегьы рызҵаарақәа мҩаԥымсӡацт, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистргьы уахь дналаҵаны. «Уи изҵаара иахьа имҩаԥысраны иҟоуп. Аҿахәы алаҵәара азин ҳамаӡам», - ҳәа иажәа хыркәшо иҳәеит апрокурор Хада.

Адепутат Леонид Чамагәуа, аусеилыргара абжьакӡаратә лҵшәақәа рзы адырра аиура азы апрокурор хада ахәашаҽны дааԥхьатәуп ҳәа иазгәеиҭеит. «Ауаа ргәы иаанамгароуп ари аус ахаламҩаԥысрала иоужьҭуп ҳәа», - иҳәеит иара.

 Адепутат Рауль Лолуа ари аконфликт иалагалахаз ажәлақәа рхаҭарнакцәеи адепутатцәеи рыҽцәажәара амҩаԥгаразы ажәалагала ҟаиҵеит. « Иаҭаххоны иҟалозар, ҳара аус ауадаҩра ҳхахьы иаагоит. Аӡҩыбжьа ҳцап, аветеранцәа ҳарҭаап, ҳрыҿцәажәап, аҭагылазаашьа иҽеим акахьы икылымсырц азы џьара акы ҟаҳҵап.  Ҳара апрокуратура Хада ахь аконфликт ииашан аобиективла аилыргара алнаршарц азы ааԥхьара ҟаҳҵоит», - ҳәа иҳәеит иара.

Аилацәажәара ашьҭахь, адепутатцәа апрокуратура агәаҭара мҩаԥнагонаҵы, дара рганахьала, ауаажәларра рыҩныҵҟа аибарххара аҭышәныртәалара азы аусура мҩаԥыргаларц аӡбамҭа рыдыркылеит.

Ахәашаҽны апрокурор Хада агәаҭара абжьакӡаратә лҵшәақәа рзы адырра аҭара азы Апарламент ахь ааԥхьара иоуеит. 

 

 

Last modified on Ахаша, 06 Жьҭаара 2021 12:19