Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АҾЫ ЦӘЫББРАМЗА 30 РЗЫ ИҞАЛАЗ АИНЦИДЕНТ АЛАЦӘАЖӘАРА МҨАԤЫСУЕИТ.

Ахаша, 06 Жьҭаара 2021 12:05 167

Аҟәа. Жьҭаарамза 4́, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Абарҭ асааҭқәа рзы Жәлар Реизара-Апарламент аҿы Амҳаџьыраа рыԥшаҳәа аҿы цәыббрамза 30, ахәылбыҽха адепутат Гарри Кокаиа, аибашьра аветеранцәеи амилициа аусзуҩцәеи рыбжьара иҟалаз аинцидент алацәажәара иазку аилатәара мҩаԥысуеит.  

Аилатәара аартуа, Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа иҟалаз ахҭыс аобиективла аилыргара азы иҟаҵоу ауснагӡатәқәа  азхоит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Иҟоуп аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри уи ихаҭыԥуаҩцәеи рамхра азы адҵа ықәзыргыло, аха хаҭала сара сгәаанагарала, иарбоу ахҭыс аобиективла аилыргаразы иахьатәи амш азы иҟаҵоу азхоит. Алкаақәа ҟаҵатәуп. Аибашьра аветеранцәа ирхарамкәа ргәы анырхара ҟалаӡом. Агәыӷра сымоуп Аҳәынҭқарра Ахада ииашоу аӡбамҭа адкылара илшап ҳәа.  Сгәы иаанагоит адепутатцәа зегьы ас еиԥш агәаанагара иадгылоит ҳәа», - иҳәеит Валери Кәарҷиа.

Иара жьҭаарамза 1 азы имҩаԥгаз изаамҭанытәиим аилатәара аҿы ирызрыдымкылаз Ақәҵара апроект  атекст ала азырхара азы адепутатцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

Адепутат Гиви Кәарҷиа иара игәаанагарала даара акыр зҵазкуа аҭагылазаашьа ҷыдала иазгәеиҭеит. «Аветеранцәа, аибашьра аинвалидцәа ԥҟаны амҩа ианыжьланы ицеит. Ҳара ҳаилатәара ашьҭахь (жьҭаарамза 1 азы имҩаԥгаз аилатәара – ред. АП) аӡәгьы урҭ рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭеимҵаӡеит. Урҭ ахәышәтәра рыдыргалеит. Ари, сара сгәаангарала, ацәгьацәыԥхамшьаратә хымҩаԥгашьоуп. Иахьа уажәраанӡа аусеилыргара хацыркӡам, аветеранцәа рыԥҟара зхы иаҭәазшьаз рганахьала ахьырхәра алкааӡам. Адепутатцәа зегьы азинхьчаратә усбарҭақәа руснагӡатәқәа ишахәаԥшуа атәы рҳәароуп. Ҳара азинхьчаратә усбарҭақәа рганахьала лассы-лассы аҭыԥ зауа иалагаз анапышьҭыхрақәа рҵыхәтәа ԥаҳҵәароуп», - ҳәа иҳәеит адепутат Гиви Кәарҷиа.

Адепутат Натали Смыр адепутатцәа ркьымсра астатус аԥыхра азы азҵаара ықәыргылахар, лара хаҭала дшаҿагыло атәы лҳәеит.

«Сара адепутат илакьымсра астатус схырхыр, ишыжәдыруа еиԥш сара лассы-лассы ихжәаны сықәгылоит, уҟан сықәгыларақәа рзы инасгәылҵаны сыршьуеит», - ҳәа иазгәалҭеит лара.

Уи иара убас аилатәара ахь апрокурор Хадеи аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Ахантәаҩи, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа ахаҭарнакцәеи ахьымааз аганахьала ӷәӷәала агәынамӡара аалырԥшит.

Лара иара убас Аԥсуа телехәаԥшра анапхгараҭара аганахьала аҽԥынкылара шлымоу лҳәеит, уи лгәаанагарала ателехәаԥшра шҳәынҭқарратәугьы хықәкылатәи апропагандатә усура нанагӡоит.  

Дмитри Арӡынба иара убас ишьақәгылаз аҭагылазаашьа дахцәажәеит: «Аибашьра аветеранцәа, аорденқәа занашьоу ауаа, афырхацәа шьала иааргаз Аиааира Амш азгәарҭарц рыӡбеит, аха игәыԥжәагоу ахҭыс ҟалеит, уи ухашҭуа иҟам. Ишьақәгылаз аҭагылазаашьазы, сара аӡәгьы ахара идҵареи , мамзаргьы идгылареи сҭахым иахьа ара. Ҳара зегьы иҳалшо ала, ишаҳҭаху еиԥш ари аныҳәа азгәаҳҭоит, аӡәгьы дхысуеит Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы ишыҟалаз еиԥш. Уи аҩыза ҟалазаргьы, 28 шықәса рыҩныҵҟа ахысра аанымкылаӡацт. Ахаангьы иҟамлацызт, агәыӷра сымоуп уаҳагьы ишыҟамло ари аҩыза, аветеранцәа иаарысуа иԥҟаны амҩа ианыжьланы ицо. Иҟазҵада ари аҩыза ахәымгара? Уи Аԥсны Афырхацәа рхәыҷқәа роуп иҟазҵаз. Шьапыла иаарысуа иԥҟаны, нас шәысхәышәтәуеит ҳәа раҳәара. Избахьада ари аҩыза!»

Адепутат Гарри Кокаиа ижәлар рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭеиҵеит адепутаттә етика ахьеилигаз азы.  «Сара ус схы мҩаԥызымгар акәын, аемоциақәа сыхнарԥаан иарбоу аахымҩаԥгашьа аасырԥшит.  Сара адепутат икьымсра астатус ала аҽыхҩара сгәы иҭаӡам. Аусҭҵааратә усбарҭақәа сыҽрымаздоит, рызҵаарақәа зегьы рҭак ҟасҵоит. Аха аветеранцәа ӷәӷәала ргәы ндырхеит, урҭ  30 шықәса раԥхьа ҳаԥсадгьыл анырыхьчоз еиԥш маха-шьахала иӷәӷәаӡам иахьа. Атәыла анапхгара ари аконфликт ахьаршшара амыцхәрас уи еиҳа идыруадаҩит»,- ҳәа иҳәеит иара. Уи иколлегацәа рахь аветеранцәа ршьа зызкарҭәоз аҳәынҭқарра аҟынтәи ахьчара роуртә аҟаҵара зылшо аӡбамҭа рыдыркыларц азы ааԥхьара ҟаиҵеит.  Уи ашьҭахь иара аилатәара ааныжьны дцеит.

Адепутат Лаша Ашәба ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҿы иара утәы-стәы ҳәа аӡәгьы дшеилимхуа азгәеиҭеит. «Аӡәгьы сара дыстәуп ҳәа дыԥхьаӡаны сызидгылом, иара азакәан еилеигозар. Дарбанызаала азакәан ишаҳәо ала ихы мҩаԥигозар ауп, аҭакԥхықәрагьы наигӡозароуп, ари апҟара иадҳәалоума, ахысра аума, ма даҽакы аума.  Уи сара сзы,  Апарламент адупутатцәа зегьы рзы еиԥш, зегьы ирдыруа ҵабыргхаҭоуп», -  ҳәа иҳәеит Лаша Ашәба.

Уи еизаз иргәалаиршәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахәҭаҷ 22 атәы. Араҟа  ахара ашьақәырӷәамзааранӡатәи ахарадара  атәы аҳәоит.  Ауаҩы ахара идзаара шьақәырӷәахоит аусеилыргаратәи егьырҭ аҭҵаараԥшааратәи ауснагӡатәқәа анымҩаԥгахалак ашьҭахь, уи аминистргьы адепутатгьы еиԥшны иаҵанакуеит.  

«Ҳара ари аҭагылазаашьа излауа ала ауҩыԥсышәала ҳалҵыроуп, иԥшӡаны, аҽԥынкыларақәа рыда.  Уи акырӡа аанагоит. Уимоу, ҳара Апарламент изеиԥшразаалак ақәыӷәӷәара ииашаны иҳаԥхьаӡаӡом – уигьы адепутат икьымсра астатус иадҳәалоуп.  Аминистр аусҭҵаара цонаҵы имаҵураҟнытә аамҭала ихы дақәиҭтәуп. Сара сколлегацәа, аинцидент иалахәыз адепутатцәа рахь урҭ ирызку азҵаарақәа ахьырыӡбало аилатәарақәа рахь имааиларц азы аҳәара ҟасҵоит.  Араҟа ирацәоуп урҭ ирыцхьаазго ҳколлегацәа, ҳара ииашоу аӡбамҭа адкылара ҳахәҭоуп», -ҳәа иҳәеит Лаша Ашәба.  

Адепутат Асҭамыр Аршба адискуссиа ӷәӷәа аан, ауаа анеибашьуазгьы уеизгьы урҭ реинышәара аформақәак рыԥшаауан, аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара рылдыршон, «ҳара ара зегьы еиҳагьы иҳаруадаҩуеит, еиҳагьы еицәаҳтәуеит» ҳәа иҳәеит».

 

Last modified on Ахаша, 06 Жьҭаара 2021 15:29