Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖАНИЯ: «АПРОКУРАТУРА АҾЫ АЛКАА ҞАРҴАРОУП, ҲАРҬ УИ ҲАҚӘНЫҞӘАРОУП.

Аҩаша, 05 Жьҭаара 2021 23:32 219

Аҟәа. Жьҭаарамза 4, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭаҿы имҩаԥысит Аӡҩыбжьа ақыҭа ахаҭарнакцәа злахәыз аиԥылара.

Аслан Бжьаниа идикылеит хәҩык злахәыз аделегациа. Инеиз рыхьӡала дықәгылеит аибашьра аветеран Гиви Допуа.

«Ари уаҩрам, быжьҩык ауаа пҟаны, амҩаду ианыжьланы ацара. Иаанкыланы иҭакым, ашьаусеилыргара хацыркым. Ари аҩыза сара  стәылаҿы иҟалоит ҳәа сақәгәыӷуамызт», - ҳәа агәынамӡара аарԥшуа иҳәеит Гиви Допуа. Иара убас уи ари ахҭыс еиуеиԥшым аполитикатә партиақәа  рхы иадырхәо ишалагаз азгәеиҭеит. «Ҳарҭ зегьы амитингқәа рахь ааԥхьара ҳарҭоит. Ҳара урҭ азҵаарақәа рзы акәӡам ҳзеизаз», - ҳәа иҳәеит иара.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, апрокуратура аҵабырг ашьақәыргылара рнапы шадыркыз, аимак-аиҿак аҭышәныртәаларазы аусҭҵаарақәа цонаҵы аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иусура аҟынтәи ихы иақәиҭтәразы иацы аӡбамҭа шрыдыркылаз.

«Амаҵзуратә усқәа знапы рылаку ауаа роуп ганкахьала ари ахҭыс иалахәу,  егьи аганахьала аветеранцәеи апарламент адепутатцәеи. Ари ахыбраҿы дыҟам аӡәгьы иарбоу ахҭыс згәы иалымсыз. Сара убри аамҭазы аҳәынҭқарратә усқәа рзы усуратә ныҟәарала Москва сыҟан. Сара сусура еиԥырҟьаны сааит, анаҩс ижәдыруеит иацтәи азыӡба. Ас еиԥш аус сазнеит ацәажәарақәа ҟамларц азы, аҭҵаара обиективла ҳазнеирц", - ҳәа иҳәеит атәыла Ахада.

Иара иазгәеиҭеит азинхьчаратә усбарҭақәа аус шыруа, аусҭҵааратә гәаҭарақәа шцо,  аҿахәқәа реидкылара ишаҿу.

«Сара, Аҳәынҭқарра Ахада  иаҳасабала, даҽа институтк сымаӡам зыгәра зго, апрокуратура ада», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқара Ахада. Иара убас уи иазгәеиҭеит, "даара угәы узырхьша хҭысуп, аха иаԥсам уи аполитика алхра" ҳәа.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, аҳәынҭқарра Ахада иаҳасабала азыӡба  ишәа-иза ишидикыло, ара ауаа мацара ракәӡам аус злоу, иааидкыланы аҳәынҭқарратә институт азҵаарагьы шықәгылоу.

«Амилициа ааӡатәуп, иаԥҵатәуп. Ааигәа Гагра ахҭыс ыҟан, ашьаустә ԥшаарақәа реиҳабы данырыԥҟаз. Амилициеи апрокуратуреи ҳамамзар, аус рымур, аҳәынҭқаррагьы зыҟалом», - ҳәа иҳәеит атәыла Ахада.

Аслан Бжьаниа иҳәеит ари аус аҟны апрокуратура  аусзуҩцәа аҵыхәтәантәи ражәа рҳәар шакәу.

«Апрокуратура алкаа ҟарҵароуп, ҳарҭ уи ҳақәныҟәароуп. Ҳара ҳами азинмч рызҭаз ас еиԥш иҟаз аинститут аԥҵаны.  Азинмҩа ада даҽа мҩак сызшәыдгалом. Даара сазҿлымҳауп ииашаны, иобиективны аус ахыркәшара. Ари машәырла иҟалаз акоуп. Ҳагәра еибамгартә еиԥш аҽыҵгақәа ҳамаӡам, убри аҟынтә алшара раҳҭап аусбарҭақәа аамҭа кьаҿк иалагӡаны азҵаара аӡбаразы», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада, инеиз иахь ихы рықәкны.

                               

 

 

 

 

Last modified on Аҩаша, 05 Жьҭаара 2021 23:38