Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АЛМАСХАН АРӠЫНБА: АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АХЫБРА АҾАԤХЬА АХЫСРА ЫҞАӠАМЫЗТ.

Аҩаша, 05 Жьҭаара 2021 23:08 192

 Аҟәа. Жьҭаарамза 4, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахыбра аҿаԥхьа, мамзаргьы ахыбра ахь ирханы ахысра ыҟаӡамызт, - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Алмасхан Арӡынба.

Иара атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура жьҭаарамза 1 ауха иара аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахыбра ахь ирханы автомат ала дхысуан ҳәа иҟанаҵаз аинформациа ала ахҳәаа ҟаиҵеит. «Сара иаартны ишәасҳәоит, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахыбра аганахьала ахысра ҳәа акгьы ыҟаӡамызт.

Исӡаӡом, ара иҟоу зегьы зықәра наӡоу ауаа шәоуп. Ҳара зегьы знык иадамзаргьы ачарақәа рҿы аума, аныҳәақәа раан аума ҳхысхьеит. Зегьы ирдыруеит иҟоу аҭагылазаашьа атәы. Уи даара иԥшӡамкәа ишьақәгылеит. Сара митәык уи сахцәажәомызт. Аиаша шәасҳәап, убас еиԥш агәаанагара узцәырҵуеит џьоукы ҳдырҩашьар рҭахушәа. Саргьы саб деибашьуан, ԥшьынтә ахәрақәа иоухьан, ихы уажәгьы ахыԥҽыхақәа алоуп. Иара иахьа абра итәоу аӡәырҩы шәеиԥш аибашьра зегьы ихигеит. Аха, саҭашәымҵан,сҳәашьа акалашәа иҟазар ҟалап аха, шәхахьы ишәзаагома аӡәы ила ишабо иԥа дрыԥҟо иалагар, мамзаргьы аԥа ишибо иаб дрыԥҟар, ишԥаҟало усҟан.  Сара аӡәгьы ахара идысҵар сҭахӡам, Дмитри Сергеи-иԥагьы ҳара ҳколлега иоуп, ҳара хы-шықәса инарзынаԥшуа аилатәарақәа ҳаицрылахәын, аус еицаауан. Сара сзы даара иџьашьатәын иара иҟалаз ахҭыс далахәын ҳәа исаҳаз ажәабжь. Сара абжьгарақәа ҟамҵакәа доусы аветеран,  зхы ҭаԥҽуа ирыԥҟоз ауаҩы иҭыԥаҿы шәхы шәыргыларц аҳәара ҟасҵоит».

Уаанӡа иҟаз аинформациа ала, жьҭаарамза 1,  00 сааҭи 10 минуҭи рзы Аҟәа ақалақь аҿы, Жәлар Реизара-Апарламент адепутат  Алмасхан Арӡынба имаҵуратә машьына   «Hyundai» (ашәҟәҭагаларатә дырга А029АА-АВН змоу)  дақәтәаны амшын аганахьала инагоу Академик Марр имҩаду ала днеины Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аушьҭра-гәаҭаратә ԥыԥшырҭа аҿаԥхьа изакәанымкәа иныҟәиго иҭҟьо абџьар – зыхҭаларшә  5,45 мм рҟынӡа инаӡо автомат Калашников аҟынтәи Аминистрра ахыбра аганахьала 20-нтә дхысит, убри аан уи иахәҭам ажәақәа ҳәо ишакәым ала ихы мҩаԥигеит.  Ахысра ашьҭахь уи ахҭыс ахьыҟала аҭыԥ ааныжьны идырым ахырхарҭа ала дықәҵны дцеит.

      

Last modified on Аҩаша, 05 Жьҭаара 2021 23:12