Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АПРОКУРАТУРА ХАДА АУСЕИЛЫРГАРАТӘ УСБАРҬА ЦӘЫББРАЗА 30 АУХА АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИҞАЛАЗ АХЫСРА ИНАМАДАНЫ АПРОЦЕССУАЛТӘ ГӘАҬАРА МҨАԤНАГОИТ.

Ашәахьа, 04 Жьҭаара 2021 23:19 185

Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны апрокуратура Хада аусеилыргаратә Усбарҭа цәыббрмза 30, 2021 шықәса, 22 сааҭи 10 минуҭи инарзынаԥшуа, Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы, ақьафурҭа «Rina» аҿаԥхьа   Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Гарри Кокаиа иганахьала иҟалаз ахысра афакт ала апроцессуалтә гәаҭара мҩаԥнагоит.  

Аусеилыргаанӡатәи агәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны аҭыԥ аҿы инеиз Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа рхымҩаԥгашьа  азинтә хҳәаа аҭахоит.

Иара убас, Аҟәа ақалақь апрокуратура цәыббрамза 30, 2021 шықәса рзы, 00 сааҭи 10 минуҭи инарзынаԥшуа Академик Марр имҩаду аҿы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахыбра ахь ирханы иҟалаз ахысра иадҳәалоу ацәгьоура азы апроцессуалтә гәаҭара мҩаԥнагоит.  

Аоперативтә маҵзурақәа иҟарҵо заанаҵтәи адыррақәа рыла, дхысуан змаҵуратә машьынала аҭыԥ аҿы иааз Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Арӡынба Алмасхан Зураб-иԥа.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 04 Жьҭаара 2021 23:22