Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИУСБАРҬА АҾЫ ААХЫҴ УАԤСТӘЫЛА АХАДА АНАТОЛИ БИБИЛОВ ГӘЫРӶЬАХӘРАЛА ИДКЫЛАРА МҨАԤЫСИТ.

Амҽыша, 03 Жьҭаара 2021 17:30 177

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҟны Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Анатоли Бибилов гәырӷьахәрала идкылара мҩаԥысит.  Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада ихьӡала иқәыргылан аҳаҭыртә ҟарул. Анаҩс имҩаԥысит ҩ-ҳәынҭқаррак рхадацәа официалтә ҟазшьа змаз реиԥылара.

Аслан Бжьаниа Анатоли Бибилов  диԥыло Аԥсназы аҵак ду змоу амш аҽны иааразы иҭабуп ҳәа еиҳәеит. «Ари амш аҵак ду амоуп Аԥсны жәлар рзеиԥш Нхыҵ Кавказ ажәларқәа рызгьы, иара убас Аахыҵ Уаԥстәыла иқәынхо ҳашьцәа ауааԥсаа рзы. Ари амш аҽны ара шәахьҳадгылоу ҳара ҳзы акыр иаԥсоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит!» – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Анатоли Бибилов Аԥсны жәлар ирыдиныҳәалеит аҳәынҭқарратә ныҳәа хада – Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш. «Ҳәарада, Аиааира амш – ныҳәа дууп, ари аныҳәа атрагеидиатә хҭысқәа, аԥсыҭбарақәа ишрыдҳәалоугьы, убас шакәугьы ари Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан игаз Аиааира амш ауп. Шәара аԥхьа шәнаргыланы, аԥсуа жәлар зегьы ирыдысныҳәалоит ари амш, ишәзеиӷьасшьоит аиааирақәа зегьы рыҟны, шәҳәынҭқарра аҿиара ахырхарҭақәа зегьы рҿы», – ҳәа иҳәеит Анатоли Бибилов.

Ареспубликақәа рхадацәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит. Аԥсны Ахада Анатоли Бибилов ҳамҭас ииҭеит аԥсуа сахьаҭыхҩы-аҟаза Ҭемыр Ӡиӡариа иҟаиҵаз аԥсуа ҳәызба.  Анатоли  Бибилов Аслан Бжьаниа ҳамҭас ииҭеит ацқьа Гьаргь Аиааирагаҩы иныхачаԥа. «Ҳара ҳаҟны, Ауаԥстәылаҿы Ацқьа Гаргь Аиааирагаҩы  ахацәа, аибашьцәа дырхылаԥшуеит ҳәа иԥхьаӡоуп. Убас иҟоу ахацәа шәыруаӡәкқәоуп Шәаргьы, зыԥсадгьыл зыхьчаз аԥсуа хацәақәагьы!», - ҳәа иҳәеит Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада. Далее встреча  продолжилась без  журналистов. 

Аҩҳәынҭқаррак рхадацәа анаҩстәи реиԥылара ажурналистцәа аламырхәӡакәа имҩаԥысуан.

 

 

 

Last modified on Амҽыша, 03 Жьҭаара 2021 17:37