Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИЕИ АНАТОЛИ БИБИЛОВИ АҞӘА АҚАЛАҚЬ АХЬӠ-АԤША АПАРК АҾЫ АФЫРХАЦӘА РМЕМОРИАЛ АМҴАН АШӘҬ ШЬЫҴӘРАҚӘА ШЬҬАРҴЕИТ..

Амҽыша, 03 Жьҭаара 2021 16:39 171

Аҟәа. Цәыббрамза 30, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Рхадацәа Аслан Бжьаниеи Анатоли Бибилови Аҟәа ақалақь Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы афырхацәа рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәарц арахь иара убас иааит Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Алеқсеи Двинианин,  Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аруаа, иҭахаз ранацәа, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа. 

Цәыббрамза 27 рзы 1992-1993 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  28- шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Аԥсныҟа иааит  Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Анатоли Бибилов  напхгара зиҭо  аделегациа.

Амемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа ашьҭахь атәылахьчара Аминистрра архәҭақәа Аидгылара амҩаду ала шьаҿеиқәшәала рықәсра мҩаԥысит. 

Аибашьра иазку ргәалашәарақәа реиҭаҳәаразы Аԥсныпресс акорреспондент иҟаиҵаз аҳәарала Чечентәылантәи иааны Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз Рассоциациа ахантәаҩы, Леон Иорден акавалер Вахид Қеримов иҳәеит: «Ари Аиааира Амныҳәа мацара акәӡам, ари амш иаҵанакуа рацәоуп, уи аԥсуа жәлар рхьыԥшымра Амш ауп. Аԥсны иақәлаз агрессор ииааира иасимволхеит ари амш. Аиааира агара даара ихьанҭан, избан акәзар  еибашьуаз аганқәа мчыла еиҟарамызт, ҳара уаалеи бџьарлеи рыла акыр ҳаиҵан.  Иҳамаз абџьари аџьаԥҳани аиҳарак атрофеи ҳасабла аӷа имаҳхыз акәын. Аха ҳара иҳаман ақырҭцәа ирымамыз акы – ҳара иҳаман аибашьҩы, аԥсадгьыл ахьчаҩы игәеицамкра, зегьы ҳаидгыланы аԥсуа дгьыл ахьчареи, ианаҭахха азы уи аԥсҭазаара ахҭынҵареи ҳазхиан. Уи аибашьра аҿы иҭахеит 70-ҩык ачеченцәа. Аӡәырҩы еиуеиԥшым ахәрақәа роуит, иинвалидцәахеит».

Аибашьра аветеран, Леон Иорден занашьоу Надежда Хонелиа цәыббрамза  30 лбаталион  «Шьараҭын» дацны Егры аӡиас аҿы даԥылеит.  «Ҳаӷацәа ирымаз аҵыхәтәантәи аминуҭқәа рхы иархәаны ишрылшоз ала ршьамхы рҽадыргон. Араҟа иӷьычны иргаз зегьы амашьынақәа ирҭаҵаны иргар рҭахын, аха ҳрыхҭыгәлошәа анырба, урҭ зегьы кажьны, рыхәцәагьы, рыԥсцәагьы, рабџьаргьы уахь иналаҵаны,  рыԥсы ргеит. Усҟан ҳара иаҳнырит Аиааира иацыз иҳәаадоу агәырӷьара, жәала иузҳәашам ҳаԥсадгьыл ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҟынтәи ахақәиҭтәра ахьҳалшаз аҟынтәи иҳауз ацәаныррақәа ртәы», -   ҳәа илгәалалыршәеит Надежда Хонелиа.  Лара Аԥсны аҭынчреи аизҳазыӷьареи азеиӷьалшьеит.

Надежда Хонелиа лԥа Ҭемыр Хонелиа аибашьра ианалага ашьҭахь ахԥатәи амш, нанҳәмза 16 рзы ателехәаԥшратә ҳар ахьчараан дҭахеит.

 

Last modified on Амҽыша, 03 Жьҭаара 2021 16:43