Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АСЛАН БЖЬАНИА «ЖЬҬААРАМЗА-ԤХЫНҶКӘЫНМЗА 2021 ШЫҚӘСА АЗЫ АРРАТӘ УАЛԤШЬА АНАГӠАРА АХЬ ААԤХЬАРАЗЫ АУСԤҞА ИНАПЫ АҴАИҨИТ.

Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 12:50 233

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2021 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Жьҭаарамза-ԥхынҷкәынмза  2021 шықәса азы арратә уалԥшьа анагӡара ахь ааԥхьареи, ааԥхьарала арратә маҵзура иахысуа ԥхьатәара рышьҭреи рзы» Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.  

«Арратә ҭакԥхықәреи арратә маҵзуреи рзы азакәани «Атәылахьчара азы» азакәани инарықәыршәаны, жьҭаарамза 1 инаркны ԥхынҷкәынмза 31, 2021 шықәса рҟынӡа 18 шықәса инаркны 27 шықәсанӡа зхыҵуа, арратә ҭакԥхықәра здууи ԥхьатәара иҟами Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа арратә маҵзура ахь ааԥхьара рыҭахоит.  

Арҭ аҽҳәарақәа рзы зырратә маҵзура аҽҳәара хыркәшахаз аруаа ԥхьатәара ишьҭхоит.

Аминистрцәа Реилазаара, ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәа, арратә маҵзура ахь ааԥхьареи арратә маҵзура аҟынтәи ԥхьтәара ашьҭреи ирыдҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа зегьы ишахәҳоу ала анагӡара аиҿкаара азы адҵа рыҭоуп.

 

Last modified on Ахәаша, 01 Жьҭаара 2021 14:31