Поиск по слову

Категории

Календарь

« Лаҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
    1 2 3 4 5
6 7 8 9 10 11 12
13 14 15 16 17 18 19
20 21 22 23 24 25 26
27 28 29 30 31    

АԤСНЫ ИАЛАГАЛАХОИТ ЕВРАЗИАТӘИ АЕКОНОМИКАТӘ ЕИДГЫЛАРА АДӘНЫҞАЕКОНОМИКАТӘ УСУРА АТАУАРТӘ НОМЕНКЛАТУРА.

Ахаша, 29 Цәыббра 2021 18:06 257

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аҿы «Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа Евразиатәи аекономикатә еидгылара адәныҟаекономикатә усура атауартә номенклатура ахархәара азы» Ақәҵара рыдыркылеит.

Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы Евразиатәи аекономикатә еидгылара адәныҟаекономикатә усура атауартә номенклатура аҳазылхратә усбарҭақәа русура алагаларазы ихымԥадатәиу апрограмматә хархәагақәа рзы атехникатә ҭаххрақәа ралкаара азы адҵа аҭоуп.

Евразиатәи аекономикатә еидгылара адәныҟаекономикатә усура атауартә номенклатура ахархәара инамаданы, ԥхынгәымза 1, 2022 шықәса рҟынӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳазылхратә ҳәаа ала атауарқәа рыиагара аамҭаԥҵәа аҭара алзыршо анорма-зинтә шәҟәынҵақәа рахь аиҭакрақәа реиқәыршәареи, анаҩс ашьақәырӷәӷәаразы аминистрцәа Реилазаара ахь анашьҭреи хымԥадатәиуп.

 

Апроект адгалара мҩаԥызгоз атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, иарбоу апроект аҩ-ҳәынҭқаррак рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара ала ишьаҭаркны Аԥсни Урыстәылеи ирзеиԥшу асоциал-економикатә ҵакыра аԥҵара азы апрограмма анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥшьгара мҩаԥгоуп ҳәа иазгәалҭеит.  

«Ари апрограмматә усмҩаԥгоуп. Аха иалкаау аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара ахьхымԥадатәиу инамаданы, апроцессқәа равтоматизациеи апрограмматә еиқәыршәареи, уҳәа инамаданы, иарбоу апроект азинмчы аиура  аҽҳәарахырԥаратә форма азԥхьагәанаҭоит.  Ҳара Адәныҟаекономикатә Усура алахәылацәа рықәыӷәӷәарада Евразиатәи аекономикатә еидгылара адәныҟаекономикатә усура атауартә номенклатура ахархәара аҽазыҟаҵареи ахархәареи  рзы  шықәсык инарзынаԥшуа аамҭа ҳамоуп», - ҳәа илҳәеит аекономика аминистр Кристина Озган.

Уажәы Аԥсны шамахамзар џьаргьы уаҳа ахархәара  змам Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реидгылара (СНГ) иалоу атәылақәа рыдәныҟаекономикатә усура атауартә номенклатура аус ауеит.

 

 

Last modified on Асабша, 02 Жьҭаара 2021 13:59